«Сан, бымшәан, ирласны схынҳәуеит...»

«Сыҷкәын дышҭахоз ала аԥхыӡ бааԥс идызбалеит, нан». Абас лажәа дналагеит зыҿцәажәара даара игәаӷьыуацәаз, зылаӷырӡ злакҭа ҭнаблаахьоу, аибашьраҿы зыҷкәын заҵәы дҭахаз Авҭандил Иура-иԥа Ҭодуа иан.

Ашьха қыҭа ԥшӡа Ҭхьына, аи­башьра ҟалаанӡа аԥсҭазара ахьеилашуаз, ауааԥсыра ҭышәынтәаланы иахьынхоз-иахьынҵуаз, зыхшара ҭынч рааӡара иаҿыз ақыҭа ауааԥсыра, аибашьра ианалага, Аԥсны зегьынџьара еиԥш, рыԥсҭазаара шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Убас, зыԥсҭазаара аҽаԥсахыз, агәырҩа хьанҭа ззаанагаз ҭаацәарахеит Иура Аҭа-иԥа Ҭодуа иҩнаҭа.

Аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә дыҟоуп ҳәа шырҳәоз еиԥш иҟан арҭ аҭаацәара. Иура Аҭа-иԥа иҩнаҭаҿы ирызҳауан хҩык ахшара. Аԥҳацәа ҩыџьа –Инеи, Нанеи. Рԥа – Авҭандил. Иура Аҭа-иԥа иԥсҭазаара зегьы азкын ашкол. Уи акыр жәашықәсақәа инеиԥынкыланы ашкол адиректорс аус иуан. Иԥшәма Светлана (Ира) Гегенаа-ԥҳа лакәзар, уигьы лыԥсҭазаара зегьы ашкол иадҳәалан, иахьагьы иадҳәалоуп. Абас, аҵара-ааӡара аус знапы алакыз ани аби, хымԥада, рхәыҷқәа рааӡон ишаԥу еиԥш. Арҭ ауаа рҭаацәараҿы иуԥылон абиблиотека ду. Рыҷкәын Авҭандил даныхәыҷыз инаркны даараӡа ашәҟәыԥхьара бзиа ибон. «Ҽнак ашколаҿ маҷк саанхеит, Авҭандил заанаҵ аҩныҟа даахьан, иара усҟан аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан. Аҭоурых иазкыз ашәҟәы игәы иқәҵаны дшыцәаз аҩны сааҩналт, дшаԥхьоз дамхацәазаап, убриаҟара ашәҟәыԥхьара бзиа ибон, акрифозаргьы ашәҟәы даԥхьон», – илгәалалыршәон Авҭандил иан. Иара убасгьы, аибашьра анцоз зыҷкәын ахырӷәӷәарҭахь иҟаз ан, џьара аҩны иаҭахқәоу акы аазгап ҳәа Тҟәарчалҟа данца, ашәҟәыԥхьара зыԥсы еиԥш бзиа избоз Авҭандил, аҩны абиблиотекаҿ имаз ашәҟәқәа зегьы дахьрыԥхьахьаз азы, иаахәан изаалгеит ашәҟә ҿыцқәа. Иара ахырӷәӷәарҭа аҟынтәи аҩны данааи, иан изаалгаз ашәҟәқәа аниба, «сан, машьынак аахәан исзаабгазар аҟара сеигәырӷьеит» ҳәа леиҳәеит.

Абас ашәҟәыԥхьара зыԥсеиԥш бзиа избоз, насгьы аҵара-ааӡара аус знапы алакыз аҭаацәараҿ ииз иааӡаз арԥыс Авҭандил диит маи 3, 1969 шықәсазы. Даараӡа ибзиаӡаны далгеит Ҭхьынатәи абжьаратә школ. Иҟазшьа, ицәаҩа акәзар, ауаҩы раз, ауаҩы ҟәымшәышә, ашьац иаӷрамгылоз, аха убриаан агәаӷьра злаз, амцҳәара баны иқәымгылоз, зус еиҿкааз, зыԥсадгьыл ахь агәыбылра ӷәӷәа змаз аӡә иакәын. Иԥшра-исахьа акәзар, анцәахша ҳәа шырҳәо еиԥш, даара деинаалан. Иоура-иҭбаара адауаԥшь даҩызан. Аха зегьы реиҳа ухызхуаз акы акәын, иразыз илакҭа, илашаз иччаԥшь. Авҭандил иҟазшьа ҷыдақәа иреиуан дарбанзаалакгьы ацхыраара зҭахыз ивагылара. 

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Авҭандил адипломтә усумҭа аҩра даҿын, иҵара ахыркәшаразы. Уи Қарҭтәи акооперативтә техникум дҭан. Иара убасгьы Аԥсны далгахьан аиндустриалтә техникум. Аԥхынтәи аԥсшьаратә мшқәа рзы иҭаацәа рҿы дшыҟаз ауп Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа ажәабжь хлымӡаах шиаҳаз.

Зыуаажәлари зыԥсадгьыли зыԥсеиԥш бзиа избоз Авҭандил, иҩызцәа днарывагыланы аӷа днеиҿагылт. Уи уаҳа даҽакала ахымҩаԥгара илшомызт. Избанзар, убранӡа илааӡан ауаҩра, аламыс, апату. Аԥсуа жәлар рыҟазаареи рыҟамзаареи ҳәа рлахьынҵа аӡбараан, ари арԥыс иҽхьаимкит, иҩызцәа рыгәҭа дгылан есымша. «Авҭандил аибашьра адәаҿы агәымшәареи аҟәыӷареи ааирԥшуан. Уи даараӡа ибзианы ахархәашьа идыруан иарбанзаалак абџьар. Ахаангьы иҩызцәа раԥхьа дгылан, ргәы шьҭихуан, иԥсадгьыл дапатриотын, – иҳәоит аибашьраан Мықәтәи аполк акомиссарс иҟаз Нодар Асланӡиа. Авҭандил Ҭодуа дызлаз Мықәтәи абаталион «Каскад» акомандир Гарри Бигәаа ари арԥыс дигәаларшәо иазгәеиҭеит, Авҭандил иарбан жәыларазаалакгьы зегьынџьара ихы шалаирхәуаз. «Ари арԥыс аибашьраҿы ԥынгыла имамызт, дназлагоз зегьы аҵыхәтәанынӡа инаигӡон. Насгьы аҟыбаҩ ҷыда илан, иааинырслан ҿыцк аӡбара илшон. Убас ииӡбаз, инапала иҟаиҵаз ируакуп жәохә-ҩеижәа метра амца аузыжьуаз абџьар», – иҳәеит Авҭандил икомандир.

Авҭандил Ҭодуа, мышкы иадамхаргьы, ихахьы иааимгацызт Аиааира аԥсуа жәлар ирызгом ҳәа. Уи ахаангьы ииҳәоз акакәын: «Аиааира аԥсуа жәлар иртәуп. Избанзар, ҳара ҳаԥсадгьыл ауп иаҳахьчо, даҽакала ҟалашьа амам», – иажәақәа лгәалалыршәоит ан. «Сара сҭахаргьы, Арӡынба акы имыхьааит иҳәеит ҽнак аҩны данааи», – лҳәеит Авҭандил иан. «Нан, анацәа зегьы рыҷкәынцәа ирыхӡыӡаауеит. Сара еибашьра умцан, аҩны уҽхьакны утәа ҳәа сызиаҳәомызт, исҳәаргьы ихеиҵомызт. Аха иара акалашәақәа дыҟан. Оумакала ҳаизааигәан иареи сареи. Ҳгәалақәа, ҳагәҭыхақәа еибаҳҳәон. Иара сгәы саиргар ҳәа дшәон. Сгәырҩа сыла ихибаалон ахырӷәӷәарҭахь дандәықәлоз. «Сан, бымшәан, ирласны саауеит» иҳәон. Саргьы исымчгәышьааз. Иҩызцәа зегьы ахьцоз иаргьы дцон. Акы заҵәык, Анцәа дышәхылаԥшааит уҩызцәагьы уаргьы ҳәа наиаҳәаны ашҭа дынҭсыжьуан», – лҳәеит Авҭандил иан, гәырҩала иҭәыз лыблақәа кыдхало, нас даанаԥшы-ааԥшит лгәаҵа иҵаланы игәхьаалго лыҷкәын заҵәы џьара дылбарызшәа.

«Иҭахара мышкы шагаз аҩны дыҟан. Ахырӷәӷәарҭахь ицара аамҭа анааи, иа­ҳәшьцәа ивагьыжьуа ихәы-иԥхь деиқәдыршәеит. Аха акы дамышьҭуашәа дгьежьы-хынҳәуа ашҭа даақәхеит. Есымша агәашә дынҭганы доуҳашьҭуан. Ари аҽынгьы иаби сареи агәашә дынҭаҳгеит, днаскьаго. Ҳахьынхо ҳаҩны агәашә аԥхьа маҷк иладараны иҟоуп, убра данынҭалоз даахьаҳәын, сан, бымшәан, ирласны саауеит иҳәеит», – лажәа лызхмыркәшо лылаӷырӡ дахәыҽит ан. 

«Усҟан иара идыруан ажәылара ӷәӷәа ҟалараны ишыҟаз, аха сара дсеиҷаҳауан, исаимҳәаӡеит. Иара дцеит, ҳара абжьааԥнытәи ҳусқәа ҳанрылагеит. Ауха сахьнышьҭалаз даараӡа иҽеимыз аԥхыӡ збеит. Авҭандил иаби иареи еиԥшны акьаҿқәа рыман. Иаб ишәыз акьаҿ ашьҭахь саннахәаԥш, иҟәаҟәа зегьы ашьа кыдшыланы иҟан. Сцәырҳаны сааԥшит. Ашара адәы иқәымлацызт. Аҟәҟәаҳәа ахысбыжьқәа гон. Исоуит ацәалашәара бааԥсы. Угыл, угыл, иаҳхабгеит ҳәа сыҟоуп, сҳәан иаб дсыргылеит. «Беилагама, аԥхыӡ ԥхыӡуп, бхагамхан» иҳәеит. Аха издырт ҽеира шыҟамлаз. Иабгьы саргьы ҳдәықәлеит мықәҟа ҳхы рханы. Сцоит аԥхыӡ салоушәа, акы сазнымкыло. Аҩӡыбжьара ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҟны агәарабжьара ҳаныбжьала, избеит аҳәса амыткәма ҳәо ашҭа ишҭаз. Урҭ усҟан зегьы рдыруазаарын. Сызбоз рыҽсыцәхьаркуан. Амҩан иаҳԥылоз сразҵаауан, сыҷкәын Авҭандил ихабар жәдыруазар ҳәа. Аха аӡәгьы акгьы сеиҳәаӡомызт. Сара уаҩы сизнымкыло ашкол шыҟаз схы сырхеит. Уаҟа снеир акаамеҭ сшалаԥшуаз здыруаз сырмышьҭырц иалагеит. Ус, Кыԥса Харчлаа ҳәа дыҟоуп, баангыл иҳәан инапы иҟьеит. Сааҭгылеит. Кыԥса, иҟоу аиаша саҳә сҳәеит. Бымшәан, иԥсы ҭоуп, дхәуп, Тҟәарчалҟа дыргеит иҳәеит. Ихасҵеит. Дырхәызар егьаурым сҳәан, саахынҳәит. Ҳдәықәлеит аҩныҟа. Уа ҳныдгыланы Тҟәарчалҟа ҳхы ҳархарц азы. Амҩан ҳшаауаз иҳақәшәеит Ҭхьынаа рыҷкәынцәа аибашьцәа. Руаӡәк Сосо Ҷокуа сӷьаҵәы-ӷьаҵәуа снаидххылеит Ӷәыни (хәыҷы хьӡны иарҳәон) дхәуп ҳәа рҳәеит, ихабар ҳәа акыр удыруама ҳәа. Ихы ларҟәны дынсаҩсит, ажәак мҳәаӡакәа… Ҳара ҳаауеит аҩныҟа. Ажәлар ҳашьҭахь иҳашьҭоуп. Аха знызаҵәыкгьы схахьы исзаамгеит, Авҭандил дҭахеит ҳәа, сԥазаҵә уи аҩыза сызидымкылеит. Аҵыхәтәанынӡа сгәыӷра сахьынҳаланы искын. Ашҭа ҳанҭала сыԥҳа аиҳабы дыҩны дысԥылеит, иҟалеи иҟалеи ҳәа дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа. Бымшәан, дырхәит ҳәа рҳәеит, сҳәеит. Аха, дук мырҵыкәа, сԥазаҵә, сзыхӡыӡаауаз, уахгьы-ҽынгьы сзызхәыцуаз, сгәыӷрақәа зегьы здысҳәалоз дрыманы ашҭа иааҭалеит…», – лылаӷырӡ налҿыкьасеит ан.

 Авҭандил Иура-иԥа Ҭодуа иԥс­ҭазаара ҿахҵәеит иара зыгәра игоз, дыззыԥшыз Аиааира жәиԥшь мшы шагыз, сентиабр 16 рзы. «Ижәохәымш аҽны Аԥсынра Аиааира агеит ҳәа ҳаларҳәеит, нан», – лҳәеит ан лажәа хыркәшо.

Авҭандил Иура-иԥа Ҭодуа аи­башьраҿы иааирԥшыз афырхаҵаразы ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Аибашьра ҟалаанӡа Анцәа иш­иҳәара иҟаз аҭаацәара, аибашьра агәырҩа цәгьа шырзаанагазгьы, урҭ ргәы камыжькәа аҭынч ԥсҭазаара иазыхынҳәуан. Рыҷкәын – рыҵәҩаншьап дҭахазаргьы, уи ихьчеит иԥсадгьыл, иуаажәлар, иҭаацәа. Аҵара ааӡара аус знапы алакыз, Ҭхьына ақыҭа иалҵыз аҵеицәа зегьы еиҵазааӡахьаз ани аби ирхылҵыз, хымԥада даҽакала ахымҩаԥгашьа имамызт.

Авҭандил иаб – Иура Аҭа-иԥа Ҭодуа иҷкәын иҭахара ашьҭахь иоуыз агәамбзиарақәа ирыхҟьаны иаамҭамкәа иԥсҭазаара далҵит. Аха иԥсы анҭаз иҳәоз акакәын: «Сԥазаҵә иуалԥшьа наигӡеит иԥсадгьыл аҿаԥхьа, даҽакала ихы мҩаԥигаргьы иаҭәасшьомызт, сгәы иладууп», –ҳәа.

Иура Аҭа-иԥа Ҭодуа хыхь иш­аҳҳәаз еиԥш, ихы-иԥсы зегьы ахәыҷқәа рааӡара, ашкол аԥсҭазаара иадҳәалан. Уи зыршаҳаҭуа хҭысуп аибашьра ашьҭахь машәырла Ҭхьынатәи абжьаратә школ амца акны ианыблы, ари ауаҩ ииҳәаз иажәақәа: «Сыҷкәын иҭахара аҟара сгәы иалсит ашкол абылра». Арҭ ажәақәа шаҳаҭра руеит ари ауаҩ иус гәыла-ԥсыла дшазнеиуаз азы .

Абар мышқәак роуп инхаз иазгәаҳҭоит Аиааира амш 32 шықәаса ахыҵра. Абраҟа аԥсуа жәлар иаҳуалԥшьоу акоуп, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа хашҭра рықәымзарц азы Аиааира амш аламҭалаз мацара акәымкәа, есымша иаҳгәалашәаларц. Аҵеицәа гәымшәақәа зааӡаз аҭаацәа гәцараҳкларц, ацхыраара ахьырҭаху ҳрывагыларц. Урҭ рыхшара роуп иахьа Аԥсны ахы иақәиҭны, ҳхатәы бызшәала ҳцәажәо ҳаҟазаара зыбзоуроу.

Шарида Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me