Аамҭа цацыԥхьаӡа…

 

 Аамҭа цацыԥхьаӡа ахәрақәа ӷьоит ҳәа ирҳәо иашам. Сынтәа 32 шықәса шҵуагьы, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә  аибашьра еилгеижьҭеи, Аиааира Амш анааигәахо зыхшара зцәыӡыз, зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз рҭаацәа рзы еснагь лаӷырӡышоуп, ихьаа цәгьоуп.

Убас, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан Чаарқыҭ аҳаблан ҭаацәарак шынхоз еиԥш дынхон, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз Резик Шьаҭ-иԥа Сақаниа. Ихатә ҩыза Милиа Кәасҭа-иԥҳа Гамгиеи  иареи ирааӡеит хҩык аҷкәынцәеи ҩыџьа аӡӷабцәеи. Дара аколнхраҿы аус руан, аԥсҭазаараҿы рхәыҷқәа акгьы  рыгдмырхеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ашықәсқәа рзы, Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла иԥсадгьыл ахьчараз иҩызцәа днарывагылеит  Резик иԥеиҵбы Зураб, Таӷә ҳәа зарҳәоз. Уи аамҭазы иара Аҟәа дыҟан. Гәыԥҩык иҩызцәеи иареи еицны Мрагыларатәи афронт ахь ииасырц рыӡбеит.

Зураб Кәтолтәи абжьаратә школ даналга, ашьҭахь аррамаҵура данахыс, аусура далагоит  машьына рныҟәцаҩыс.

Иара даныхәыҷыз аахыс аҽырыҩрақәа иҽрылаирхәуан, дҽыбӷаҟазан. Араион аҟны ицоз аҽырыҩрақәа рҿы зныкымкәа аԥхьахәқәа игахьан.

«Зураб дхәыҷы аахыс дгәыбылҩын, дыхӡырымгаҩын, игәы ԥхан зегьы рзы.  Аҭаацәараҿгьы аиҩызарҿгьы даара игәы разын, аԥсуара бзиа ибон, егьныҟәигон», - лҳәеит иаҳәшьа Бертина.

Зураб иҩызцәеи иареи Кәыдры аӡиас ирны Мраҭашәаратәи афронт ахь ииасырц анырҭахыз  1992 шықәса нанҳәа мза 19 рзы  аӡы иагоит.

Уи аҽны еицыз агәыԥ рахьтә иҭахаз рыбаҩ анырыԥшаауаз  аӡы аҵан ирбеит даҽа ҩыџьа арԥарцәа рыԥсыбаҩқәа. Урҭ Уасил Кәанта-иԥа Амҷбеи Роман Константин - иԥа Ферзбеи ракәын.

Уи аҽны ирыцҭахаз Оҭҳаратәи арԥыс Феликс Багаҭелиеи Зураб ҩнаҭак аҿы,  Зураб иҭаацәараҿы икҿан. Аибашьра еилгаанӡагьы Оҭҳаратәи арԥыс Кәтол анышә дамадан.

Зураб усҟан дҭаацәаран, аха ахшара димамызт. Абас аамҭа кьаҿк иалагӡаны иԥсҭазаара ҿахҵәеит Зураб Сақаниа, аха  игәымшәара, ихаҵара, иуаҩра наунагӡа иаанхоит иара дыздыруаз иҩызцәа-иқәлацәа рыҩнуҵҟа.

 

 

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me