Афильм авторцәас иамоуп ажурналист Манана Кокосқьыри арратә оператор Валера Маиромиани.
Арбара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьусоев, иара убас, аиҳабыра, Апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.