Уи ацензура ӷәӷәала аус анауаз асовет аамҭазы, зыхьӡ Аԥсны анҭыҵгьы инаӡахьаз Гәдоуҭатәи араионтә газеҭ «Бзыԥ» аредакциа жәашықәсала амаҵ азиуан. Аха, ҭагә-ҭасра згым аԥсҭазаараҿы зегьы лахьынҵак лахьынҵак ҳамоуп, ус ишоуп адунеи... ҳазну ашықәс мызқәак раԥхьа илахьынҵа ихыццакит. Акьыԥхьымҭа иацу афотосахьа ҭоурыхтәуп уҳәар агха ҳахьуам иҵабыргны. Аҭыхымҭа ҟаҵан 1969 ш. рзы, араҟа иаабо арԥарцәа Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны аԥышәарақәа зҭиуаз иреиуоуп: Руслан Анқәаб; 50 ш. аԥсуа журналистика аԥхӡы азказҭәо, агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Борис Қаџьиа, акыр шықәса Арасаӡыхь ақыҭан рҵаҩыс аус зухьаз Руслан Ратиа роуп.
1982 шықәса. Аԥхынра. Ақалақь Гәдоуҭа аҟны сусура ашьҭахь ахәылбыҽхан, Хәаԥҟа амҩа сықәлеит. Аҩны сахьнеиз асасцәа ҳҭан. Усҟан аҩны иахыз сани сашьеи ракәын. Сан асасцәа рхәы ҟалҵон, аҩны иҳамаз акы дамеигӡеит. Асасцәеи сареи ҳаибадырит. Рыҩџьегьы Славик рыхьӡын. Аӡәы д-Арӡынбан, егьи д-Чыргбан. Урҭ рымҩахыҵра абас иҟалеит. Убри ашықәсан Хәаԥ археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥыргон, аԥсуа археолог Игор Ҵнариа дназлаз, Аԥснытәии Москватәии археологцәа ргәыԥ. Дара аамҭала аанҿасырҭас ирыман Хәаԥтәи абжьаратәи ашкол ахыбра. Археологцәа ара рыҟазаара еилызкааз аԥсуа ҵарауаа ҿарацәа Владислав Арӡынбеи Виачеслав Чыргбеи Хәаԥ ихалеит. Урҭ аанҿасит аԥсуа патриот ду Мирод Гәажәба иҩнаҭаҿы. Дара абыргцәа ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реиҭаҳәара иазҟазаз Машьика Арсҭаа, Аника Анқәаб, Нестор Ҳашыг уҳәа ирыҿцәажәон, рҳәамҭақәа адиктафон иҭарыҩуан. Усҟан ақыҭатә Совет анагӡком аҟны аус иуан сашьа еиҵбы Русик. Арҭ аҵарауаа аҩныҟа имҩахигеит.
…Асасцәеи сареи ҳаибадырраан еилыскааит ԥхьаҟа аԥсуа жәлар иҳаԥхьагылахараны иҟаз, ҳаҟазаареи ҳаҟамзаареи рызҵаара анықәгылаз жәларык зыхьзырԥшыз Владислав Арӡынба Москва аус шиуаз, анаука инапы шалакыз. Уи иӡбахә саҳахьан, аха хаҭала абри иоуп ҳәа дсыздыруамызт. Виачеслав Чыргба иреиҳау аҵараиурҭаҟны иҵара хиркәшон. Дара сыблаҿы иаанхеит зхы пату ақәҵаны, аамсҭашәала зхы мҩаԥызгоз ракәны. Иубаратәы иҟан ауаҩы ҳаҭырла ишизнеиуаз, ахышьҭыхра шрыламыз. Амцхә ацәажәара бзиа ирбаӡомызт, ражәақәа ишәан-ираӡан, рҿабызшәа хаан. Рзыӡырҩра агәахәара ду унаҭон. Владислав Арӡынба деилаҳәан иаармариан, иласыз аспорттә маҭәала. Ихахәы аџьоуҳарқәа анпыҟҟала . Аҭаҭын данахоз адәахьы ддәылҵуан, аҭаҭын ахыблааха ахькаижьшаз аҭыԥ дашьҭалон, ус адәахьы икаиршәуамызт. Виачеслав Чыргба бзиа деилаҳәан, деинаалан, ихахәы еиқәаҵәаӡа ирыфны еилаҳәҳәы иҟан.
Аишәаҿы аԥсуа ҵас ишаԥу еиԥш, рхы мҩаԥыргон. Иазгәаҭатәуп ԥшьба-хәба ныҳәаҿа иреиҳамкәа ишнаҳамкылаз, урҭгьы иааҭыркәкәаны ишырмжәуаз. Аԥсуа ҵасла ишаԥу еиԥш, аныҳәаҿақәа иахьаҭахыз игыланы иркуан. Аныҳәаҿақәа аԥсышәала ирҳәон. Рхәы зырхиаз сан даараӡа пату лықәҵаны ицәажәон. Владислав Арӡынба аԥсшәа акырӡа еиӷьны иҳәон. Даараӡа ицәыуадаҩын Виачеслав Чыргба, аха излауаз ала аҳәара иҽазикуан. Исгәалашәоит уи иажәақәа: иани иаби ихатәы бызшәа ахьидмырҵази аԥсуа хьӡы ахьирымҭази игәы иалан. «Избан Славик?! Иҟамлози Ахра ма Адгәыр ?!»
Чаншьҭахь асасцәа ирҭаххеит, маҷк аус рурц, адиктафон иҭаҩны ирымаз аҳәамҭақәа ақьаад ахь ииаргарц. Ҳхалеит аҩбатәи аихагыла, иахьышьҭалоз ауаҭах ахь. Уаҟа игылаз астол гьежь инахатәаны аҳәамҭақәа рзыӡырҩра иалагеит. Ақьаад ианырҵон аҳәамҭақәа рҟнытә ажәақәа. Сара усҟан иџьасшьон иҟарҵоз анҵамҭақәа. Дара ирыҩуан алатын нбан ала. Иазгәарҭон ажәақәа рҳәашьа аформақәа, урҭ ирыҵыршьуан, еиҿдырԥшуан. Сара схаҿы заагара уадаҩыз ҭҵаарақәак мҩаԥыргон. Хԥаҟа сааҭ рышьҭахь «аҵх алԥха зауша» ҳәа неибыҳәаны ҳнеиԥырҵит.
Владислав Арӡынбеи археологцәеи Хәаԥ ианыҟаз ҽнак сан илыӡбеит калаҭк азна аҳа аҭиразы Гәдоуҭаҟа илгарц. Усҟан ишыҟарҵалоз еиԥш, леидара лыман автобус аанҿасырҭаҿы дгылан, аха автобус ҭәын азы дышьҭнамхит. Иҟасҵари ҳәа дышхәыцуаз иаалыдгылеит «Вилиск». Уи иақәтәаз ааҭыҵын «Мамаша» шәабацои ҳәа илазҵааит. Сан урҭ лдырт, руаӡәы уажәы ааигәа илҭаз Владислав Арӡынба иакәын, егьи – Игор Ҵнариа. Илҳәо лҿамшәо дшыҟаз, «ақалақь ахь шәцозар шәаҳгап» рҳәан, лкалаҭ аашьҭыхны амашьына инақәдыргылеит. Гәдоуҭатәи аџьармыкьа аԥхьа ианааи, лара ишылымуаз леидара аашьҭыхны, ашәырқәа ахьырҭиуаз иҭацәыз ҭыԥк аҟны днықәыргыланы ицеит. Ашьҭахь, сан илгәалалыршәон ари ахҭыс: «Заԥхьаҟа Аԥсны иахадараханы иҟаз сеидара даҵаланы исзиуз абзиара атәы схашҭуам» лҳәон. Асеиԥш ахымҩаԥгашьа, аиҳабы пату иқәҵашьа ачынуаа зегьы рхы иауԥнаҟахуа… Аха Владислав ду дуаҩ дуун, аду аҟны аиԥш амаҷ аҟынгьы.
Абарҭқәа рышьҭахь акыршықәса ҵхьаны, аныҳәа «Лыхнашҭаҟны» Владислав Григори-иԥеи сареи ҳанеиқәшәа, идгылара сацәыԥхашьеит, аха иара сигәалашәан сара сахь иҿааихан, аԥсшәа сеиҳәеит. Нас дсазҵааит: «Аҩны шәышԥаҟоу, уан лгәабзиара зеиԥшроузеи?» ҳәа. Усҟан Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт деиҳабын.
Абас дыҟан уи ауаҩ. Сгәаанагарала, уи идҳәалоу ахҭысқәа иаадырԥшуеит иуаҩра ду, еилых ҟамҵакәа иуаажәлар гәҭыӷьӷьала дшырзыҟаз.
Руслан Анқәаб