Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала имҩаԥысит зеилазаара рҿыцу Амонумент ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара,  адырра ҟанаҵоит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Акомиссиа иалоу рыхәаԥшит Аҳәынҭқарратә комиссиа ала ирылаҳәаз иаатру жәларбжьаратәи аконкурсқәа рахь ицәыргахаз апроекттә жәалагалақәа рахь ихымԥадатәиу ахыдҵақәеи, алкаақәеи, азгәаҭарақәеи.  

Акомиссиа алахәылацәа иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҭоурыхтә хҭыс, мамзаргьы  иналукааша ауаа ргәалашәара науыагӡазтәуа амонументә скульптуратә ԥҵамҭақәа рсахьаркыратә еиҿкаара алхра Аҳәынҭқарратә монументә комиссиа аӡбамҭа ала мацара ишыҟало азгәарҭеит. Акомиссиа иара убас Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи Аԥсны Жәлар рпоет Иуа Абас-иԥа Коӷониеи ргәалашәара анаунагӡатәра азҵаара иалацәажәеит.

Акомиссиа ахантәаҩы, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Аҟәа ақалақь аҟны Сергеи Багаԥшь иашҭа аиҿкаареи Аҩбатәи Афхада искульптура ашьақәыргылареи рзы иаарласны аӡбамҭа рыдыркылар шахәҭоу, насгьы уи  апроект аҳәынҭқарра Ахада ахәаԥшразы ишизынашьҭтәу азгәеиҭеит.

2019 шықәсазы аекспертцәа реиҳараҩык аҟазаратә гәыԥ «Ҳара ҳақалақь» иархиаз апроект иақәшаҳаҭхеит. Авторцәа 10 мшы ирылагӡаны уи ахыркәшаразы анапынҵа рыҭан.

Уи адагьы, 2026 шықәса жәабранмза анҵәамҭанӡа, акомиссиа Очамчыра ақалақь Ахадара ахыбра аҿаԥхьа  Сергеи Багаԥшь ибаҟа аргыларазы жәларбжьаратәи аконкурс ҩаԥхьа еиҿнакаауеит.

 Ԥхынгәымза, 2025 шықәсазы Аԥсны анапхгара Аҳәынҭқарратә комиссиа апоет Иуа Коӷониа ибаҟа аескизтә проект аиқәыршәаразы иаарту аконкурс аиҭамҩаԥгаразы адҵа рнаҭеит. Абаҟа ргылахоит  1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан идырбгаз абиуст уаанӡа иахьгылаз   И.Коӷониа ихьӡ зху асквер аҿы.

Акомиссиа аӡбамҭала, мызкы иалагӡаны аԥсуа поет Иуа Коӷониа ибаҟа аргыларазгьы даҽа еицлабрак мҩаԥгахоит.

Амонументә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аӡбамҭала Аԥсны акультура Аминистрра аамҭа кьаҿк иалагӡаны аконкурсқәа рымҩаԥгара аԥҟарақәа рзы адырра ҟанаҵоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me