Аҟәатәи амшынтә сқьала аҟны
Аӡаҵаҟатәи амҵәыжәҩақәа змоу апассаџьыртә ӷба «Комета» август 6 азы Шәачантәи Аҟәатәи амшынтә сқьала иаадгылеит.
Ақалақьуаа инарылагыланы аӷба иаԥылеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои.
«Комета» Шәачантәи амҩа иқәлеит 15:00 азы. Ари аӷба амшынԥшаҳәа инаваҵаны Аҟәанӡа 145 километр иахысит. 120-ҩык апассаџьырцәа зкуа аӷба «Акосмонавт Павел Попович» амҩа иқәын 2 сааҭки 30 минути.
Аӷба акаԥдан Константин Швыдкои 15 шықәса ҵуеит амшын дхужьҭеи. Иҳәеит аӷба аекипаж хәҩык рыла ишышьақәгылоу.
«Аӡынразы Лазаревское инацәхыкны аусура ҳалшом аҳауа аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, Аԥсны иахьаҵанакуа Амшын еиқәа акәзар – иҭынчуп, ацәқәырԥақәа рацәак ишьҭыҵӡом», – ажурналистцәа абас реиҳәеит уи.
Асқьала аиҳабы Иури Владимиров далацәажәеит Шәача асқьала аҽшазыҟанаҵоз аӷба адәықәҵара.
«Шәача амшынтә сқьала аганахьала аинфраструктура зегьы азырхиан абасеиԥш иҟоу аӷбақәа рыдкылара», – иҳәеит иара.
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара мшынла аимадара азыӡбан Аҟәатәи асқьалаҟны ииуль 12 азы имҩаԥгаз анҭыҵтәи аилацәажәараҿы. Уи иалахәын Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла Апризидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Аӡаҵаҟатәи амҵәыжәҩақәа мзоу апассаџьыртә ӷба ццакы«Комета 120М» дыргылеит Феодосиа, Ҟрым. Аӷба «Акосмонавт Павел Попович» ахьӡуп. Уи СССР аԥырҩы-космонавт №4 ҳәа ишьҭоуп, Асовет Еидгыла ҩынтәны д-Афырхаҵоуп.