Мызкы аҩнуҵҟала – ҩынтә Сергеи Кириенко Аԥсны дааит

 Август 6 азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟны диԥылеит Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

Аганқәа ргәы иҭоуп акырӡа зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы рылацәажәара, убрахь иналаҵаны Урыстәыла ԥарала еиқәнаршәауа асоциалтә проектқәа рынагӡарагьы.

Апрограммаҿы иарбоуп аусуратә еилацәажәарақәа, анаплакқәа, иара убас акультуратә, атуристтә инфраструктура аобиектқәа рҭаара.

Аҵыхәтәантәи амза аҩнуҵҟала Сергеи Кириенко ҩынтә Аԥсны даҭааит.

Ииуль 10-11 рзы уаанӡатәи иҟазаараан ирылацәажәеит асоциал-економикатә усеицуреи аенергетикеи рызҵаарақәа.

Иара убри аҽны Аԥсны Ахада Бадра Гәынба диԥылеит Аԥсны иааз Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иԥа! Бзиала шәаабеит Аԥсны аҳҭны-қалақь аҟны. Аҟәа шәбара иеигәырӷьоит. Ааигәаӡа Ҟрым, арт-класстер «Таврида» ҳаиԥылеит. Ахҭыс схы иархәаны ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ҳҿар ирышәҭо алшарақәа рзы. Даара сеигәырӷьоит Урыстәылеи Аԥсниабаҩхатәра змоу рҿар рхатә идеиақәа шеицынарыгӡо абара», – иҳәеит Гәынба.

Атәыла Ахада гәахәарала иазгәеиҭеит иахьа Шәачеи Аҟәеи рыбжьара ҩаԥхьа мшынла аимадара шрыбжьало.

Иара иганахьала Кириенко Аԥсны Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ааԥхьаразы, асасдкыларазы.

«Сеигәырӷьоит ҩаԥхьа Аԥсны сахьыҟоу. Хыԥхьаӡарала имаҷым зҭыԥ иқәҵатәу азҵаарақәа, иҟаҵатәуп урҭ реихшьала. Уахь иаҵанакуеит мшынла аимадарагьы, амшын ҿықә аиҭакра уҳәа егьырҭгьы», – иҳәеит Кириенко.

Уи Гәынба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Курсктәи Белгородтәи аобластқәа рҟынтәи ахәыҷқәа Аԥсны рыдкылареи рыԥсшьареи рзы.

«Асасдкылара иазхиоу, мрашәахәала иҩычоу Аԥсны аҟазаара агәра ганы сыҟоуп, ахәыҷқәа рыԥсҭазаара зегьы аҟны ишыргәалашәо», – иҳәеит иара.

Иара убас иазгәеиҭеит Аԥсны акыр шықәса раахыс аус ацызуа Урыстәылатәи арегионқәа ишрыцло Санкт-Петербург. Уи аҵарадырратә усҳәарҭақәа ацхыраара рыҭара иазхиоуп, иара убас иаднакылоит Аԥснытәи ашколхәыҷқәагьы.

Кириенкои Гәынбеи иара убас аенергетикеи амҩақәа рыҟаҵареи рганахьала русеицура шымҩаԥысуазы аихшьалақәа ҟарҵараны иҟоуп.

«Урыстәылатәи аминистррақәеи аусҳәарҭақәеи зегьы азхиоуп рԥышәа шәымадара, шәара шәакәзар, иаҳа ишәыхәо, ишәнаало алышәхуеит», – иазгәеиҭеит Кириенко.

Бадра Гәынбеи, Сергеи Киренкои, Аԥыза-министр Владимир Делбеи Аԥснытәи аусхкрацәатә коллеџь иаҭааит.

Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит Санкт-Петербург агәубернатор ихаҭыԥуаҩ Ирина Потехина. Ирылацәаәеит аколлеџь аусура аиӷьтәра азҵаарақәа, иарбоуп Санкт-Петербург Ахадара ацхыраарала ахыбра шьаҭанкыла арҽеира.

«Петербург асасдкылара аиндустриа аҵак ду амоуп, убрахь иналаҵаны аҵарадырра аганахьалагьы. Ҳара ҳҟны ф-нызқьҩык егьаарыгымхо ахәыҷқәа убри аус иаҿуп. Арахь иаҵанакуа ахәыҟаҵаратә занааҭқәа рымацара ракәӡам. Ҳара ҳаигәырӷьоит  апрактиказы, аҵаразы асасдкылара аиндустриа иадҳәалоу азанааҭқәа зегьы дырҵара, иаҳҳәап,асасдкыларатә бизнес, атуристтә, аресторантә бизнес», – лҳәеит Ирина Потехина.

Иахьа аколлеџь акырӡа зҵазкуа аҭыԥ ааннакылоит атехникатә, ахархәаратә хырхарҭа змоу акадрқәа разыҟаҵараҿы. Заԥхьаҟа испециалистцәахо апрактикатә шьцыларақәа рыларааӡоит.

Ибжьаратәу апрофессионалтә ҵара асистема адгылара аҳәынҭқарратә политикаҿы хадара аманы иаанхоит. Аԥсни Урыстәылеи рҽазышәарақәа азыркуеит аҿар рзы ҳаамҭа иақәшәо аҵарадырратә ҭагылазаашьақәа рзаԥҵара.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои рхы аладырхәт ашколқәа рнапхгаҩцәеи арҵаҩцәеи злахәыз астратегиатә сессиа, иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Уи иалахәыз алацәажәеит адыррақәа ахьроуа ҭыԥ мацараны акәымкәа, ахаҭара ахьырааӡауа ҭыԥны ашкол шыҟаҵатәу. Ишьҭыхын апатриоттә ааӡара атема, аурокнҭыҵтәи аусура, акультуратә, аҵаралашаратә проектқәа реимадара.

Ирзааҭгылеит Урыстәылатәи ашколқәа рҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азҵаарақәа, еицырзеиԥшу аҵарадырратә программақәа раларҵәара, ахбыџцәеи, аҿари, аҭаацәарақәеи аус рыдызуло арҵаҩцәа рыдгалара.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәара араион Ԥсҳәы ақыҭа иаҭааит.

Ишнеиҵәҟьаз, урҭ ашәҭқәа шьҭарҵеит иҭахаз, ахьчаҩцәа рбаҟаҿы. Уи иагыз-иабзаз ҟаҵан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аиааира 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Урыстәыла иҟанаҵаз адгыларала. 

Бадра Гәынбеи, Беслан Бигәааи, Сергеи Кириенкои асоциалтә обиектқәа ирыхәаԥшит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ирацәажәеит.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ииуль 13 азы ақыҭа данаҭааз ишьҭихыз азҵаарақәа зегьы рыӡбара ишаҿу. Уахь иаҵанакуеит авиаеимадара, ГЕС арҽеира, ахәыҷқәа рыхәмарырҭа иагу-иабзоу арҽеира уҳәа егьырҭ азҵаарақәа.

Иара убас Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ирбеит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан атуристтә комплекс ҿыц.

Аҟәа имҩаԥысит Бадра Гәынбеи, Сергеи Кириенкои, Аԥсны амҩатә усхк ахаҭарнакцәеи злахәыз аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәараҿы ирыхәаԥшит атранспорттә инраструктура азҵаарақәа, иалыркааит ирҽеитәу амҩақәа, ирылацәажәеит амҩатә усбарҭақәа русеицура аспектқәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me