Асоциалтә программа инақәыршәаны, Аԥсны Ахадеи аилахәыра «Росгосцирки» иҟарҵаз адгылара иабзоураны ииули августи рзы хәыда-ԥсада 2200 билеҭ рзалхуп. Аҟәа, ацирк-шапито анапхгаҩы Вера Мешчанова илҳәеит ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, згәабзиара ԥку, иара убас зыԥгала маҷу аҭаацәарақәа рҟнытә Аԥсны зегьы иахьабалак ахәыҷқәа ирызкуп ари апрограмма. Уи хықәкыс иамоуп абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рҭаара злымшо ахәыҷқәа рыргәырӷьара, рырлахҿыхра.
Атеатртә ҟазшьа змоу ақәыргыламҭақәа рҟны ахәаԥшцәа ирзыԥшуп ацирктә ҟазара еиуеиԥшым ажанрқәа рыла еиҿкаау, аинтерес зҵоу аномерқәа: «ишәаҳәо» Бенгалтәи абжьасқәа, амаланыҟәа иақәтәоу амшәқәа уҳәа даара азҿлымҳара зуҭаша, ахәыҷқәа зыргәырӷьо ақәгыларақәа. Апрограмма иалахуп ацирктә фестивальқәа жәпакы рлауреатцәа.
Ахәаԥшцәа ргәалаҟазаара шьҭихуеит аӡәы иламҩашьо ақьачақь Артиом Малков. Апрограмма мҩаԥигоит Макс Миллиан. Ақәгыларақәа шьақәгылоуп ҩ-ҟәшак рыла, ицоит 2 сааҭи 20 минуҭи.
«Агәымшәацәа риеҵәаџьаа» режиссиорс дамоуп Ирина Костиук.