Асас бжь-насыԥк ицуп

Ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьа бзиақәа – агәбылра, абзиабара, аиҩызара, аилибакаара еснагь иҟан, иҟоуп еиуеиԥшым ажәларқәа рыбжьара.

Аиашазы, ауаа гәыкала реизыҟазаашьазы, ишырҳәо еиԥш, ихадарам уи дызмилаҭу, динс имоу, дызхылҵшьҭроу…
Иахьа иуарла-шәарланы иуԥыло, хаҭала, акыршықәсқәа раԥхьа ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьа бзиақәа ирхылҿиааз аиҩызареи агәбылреи сырзааҭгыларц сҭахуп анаҩстәи сҩымҭаҿы.
Мышқәак раԥхьа асасааирҭа «Страна Души» аҟнытә ибзианы издыруа, ҳаҭырлагьы сыззыҟоу, уа аус зуа Иулиа Лакоба аҭел дысзасит: «Алиса, Гәажәаа шәыздыруа, баби, баб иашьеи даара рыбзырӡы зҳәо, Хәаԥгьы сырҭаахьан, исыԥшаар сҭахуп ҳәа, Ивановантәи иааны зыԥсы зшьо ԥҳәыск дҳацәажәоит, абра сывараҿы дгылоуп, аҭел лысҭоит бцәажәартә аамҭа бымазар» – лҳәеит уи. Сара Иваново ақалақь аӡбахә шсаҳаз еиԥш, лак-ҩакрада еилыскааит саб Беслан Гәажәба дыздыруаз аӡә шлакәыз. Асовет аамҭазы, 60-тәи ашықәсқәа рзы, саб Иваново ақалақь аҟны аррамаҵзура дахысуан, убри аҟнытә, Иваново иадҳәалаз саб игәалашәарақәа, иажәабжьеиҭаҳәарақәа схәыҷхшыҩ аҟны инхаз маҷым, уажәгьа исгәалашәо.
«Аамҭа шԥасымам, аҭел лышәҭа» – сҳәеит исаҳаз ажәабжь сзымбатәбараха, иџьашьаны, сгәырӷьарагьы ҳәаак амамкәан, ахаан ис­ымбацыз аԥҳәыс сылзыԥшын исызгәакьаз аӡә лакәызшәа, ԥхаррак сеимнадон ҩнуҵҟала. Аԥсшәа шеибаҳҳәаз еиԥш, сгәы хыҭ-хыҭуа, «Гәажәба Бесик иакәхап ижәдыруаз» – ҳәа слазҵааит, арраҟны, хаҭала, аурысцәа, саб ихьӡ нагӡаны ишырымҳәоз, «Бесик» – ҳәа иааркьаҿны ишиарҳәоз, саныхәыҷыз саб иҳәо саҳахьан аҟнытә. Аха лара саб ихьӡ нагӡаны ианылҳәа даара иџьасшьеит.
«Беслан дыздыруеит, иашьа Миродгьы. Беслан арраҟны командирс имаз Николаи Риабчиков иԥҳа Лариса Николаи-иԥҳа Риабчикова соуп сара. Хәаԥ сасра ҳаҟан, ҭаацәала 1968 шықәсазы. Саб Николаи, сан Валентина, саҳәшьа еиҳабы Лиудмила усҟан 15 шықәса лхыҵуан, сара 14, ҳашьа Алеқсандр дҳаиҵбын.
Саб дполковникын, қәралагьы, маҵуралагьы Беслан иеиҳа деиҳан, аха исолдаҭ, нас исержант еиҳабхаз Беслан даара бзиа дибон, ҳаҭыр иқәиҵон, ихатә хшара иеиԥш дизыҟан. Сан Валентинагьы медиаҳәшьас аус луан Беслан аррамаҵзура дахьахысуаз архәҭаҿы, уигьы даара ҳаҭыр иқәылҵон.
Исгәалашәоит, еснагь саб, Беслан ҿырԥшыс дшааигоз, «Беслан иеиԥш агәымшәареи агәаӷьреи аашәырԥшла» – ҳәа драбжьон инапаҵаҟа иҟаз исолдаҭцәа» – лҳәеит уи. Адырҩаҽны, Лариса лԥа Максим Пожарови лареи ҳаибадырра иацаҳҵарц, аԥсуаҵас ишақәнагоу ала сасра аҩныҟа имҩахаагеит, рцара аамҭазгьы аԥсуа чыс агьама дырбаны, ҳаҭыр рықәҵаны инаскьаагеит, даргьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа ҳзынрыжьит. Ажәакала, ҳаибадырра, ҳаиқәшәара даара аԥхарра аҵаны имҩаԥысит.
Хаҭала, сара уажәгьы, уашьҭангьы иџьасшьоит, Лариса Николаи-иԥҳа акыршықәсқәа рышьҭахь иҟалҵаз ашьаҿа. Даара аинтерес аҵоуп ари ашьаҿа лзырҟаҵазгьы.
Аиҩызареи, агәбылреи, аизыҟазаашьа бзиеи роуп ҳәарада, акыршықәсқәа шцазгьы илхазмыршҭыз саби сабшьҭреи.
Лариса иреиҳау аҵара лымоуп, декономиступ, дырҵаҩуп, иара убас, илыҩуеит ажәеинраалақәа, иҭыҵхьеит лажәеинраалақәа реизгақәа. Лара лажәақәа рыла хә-шықәса раԥхьагьы Гәдоуҭа ақ. лыԥсы лшьон, усҟан абанер аҟны Мирод Гәажәба ифото анылба, дылдырит, илԥылаз аӡәырҩы дразҵааит, дыжәдыруама ҳәа. Аха, рыцҳарас иҟалаз, аӡәгьы дымҩақәимҵеит, ҳлыԥшаартә. «Мирод дҭахеит, Беслангьы иԥсҭазаара далҵхьеит» – рҳәан, урҭ ирҭынхаз рҭаацәа, рыхшара Анцәа иҟынтә ҳшыҟазгьы, иаҳгәныҩртә, ҳрыԥшаартә аҭагылазаашьа рзаԥырымҵеит, рхы аџьабаа адмырбеит. Аха, ҩаԥхьа, ҵаралеи хшыҩлеи ихәыдам аԥҳәыс, саб Беслани саб иашьа Мироди рхымҩаԥгашьа ҷыдеи рыуаҩышьа бзиеи (сара усҟан смиӡацызт), аха ҳҭаацәараҿы и́лбаз асасдкылара лхамыршҭыкәан, ҩаԥхьа Гәажәаа ҳлыԥшааит, ҵоуп саб Беслани саб иашьа Мироди рыԥсы ҭаны дырхьымӡеит аха…
Ҳаибабараан Лариса Нико­лаи-иԥҳа лгәы иҭнымҵәо илгәалалыршәон, 1968 шықәсазы Хәаԥ, ҳҭаацәараҿы рыҟазаараан аԥшәмацәа даара ибзианы ишрыдыркылаз, санду Шьушьа ибзианы дшылгәалашәо, Лариса ахаан ишылхамышҭуа ашәишәи арыцқьара дышлыцхраауаз. Иаҳзеиҭалҳәеит, аԥсышәала ацәажәашьа шылдырҵоз. Усҟан илҵаз ажәақәа, уажәгьы илгәалашәоит, аԥсышәала ианеиҭалҳәа даара иџьаҳшьеит. «Сылашара дысԥылоит ачеиџьыка иманы» ҳәа аԥсышәала лажәа хацлыркит уи, даарагьы ҳгәалаҟазаара шьҭылхит, избанзар, аԥсуа жәлар ҳахь илымаз абзиабареи, ҳабызшәа ҳаҭыр ақәҵареи шьақәзырӷәӷәо ак ауп сгәаанагарала, 14 шықәса анылхыҵуаз илҵаз аԥсуа ажәақәа, иахьа 71 шықәса ирҭагылоу Лариса Николаи-иԥҳа илхамыршҭкәан иахьеиҭалҳәо.
Лариса Николаи-иԥҳа ҭынха гәакьак иеиԥш лгәыбылра ҳкит аамҭа кьаҿк иалагӡаны, уи лгәы иҵхоз, дзызҵаауаз, дзызхьаауаз рацәан.
–«Мирод дфырхаҵоуп», шәара насыԥ шәымоуп Беслани Мироди реиԥш иҟаз абшьҭра бзиа ахьшәымоу, шәышрызгәдуу агәра згоит, шәабшьҭра шәаԥсахааит, ауаа бзиақәа шәшырхылҵыз ҩашьаӡом шәхымҩаԥгашьа ала» – лҳәеит уи.
Аиашазы, сашьцәеи сашьеиҵбы ихәыҷқәеи ҳзы иаанаго рацәоуп, акыр шықәса зхыҵуа аиҩызара ахьӡала ҳдаракәац ԥшааны иаҳҭааз асасцәа рныҟәгара Анцәа Ду иахьҳаҭәеишьаз.
Саби саб иашьеи уи иахаанымхазаргьы, сгәы иаанагоит рыԥсы иабап ҳәа аԥсуаҵас ҳуалԥшьа анагӡараҿ ҳхы шаҵаҳмырхаз.
Ирҳәоит «Асас бжь-насыԥк ицуп, данцо акоуп ииго, фба нижьуеит» ҳәа.
Аҩызцәа рырҳара, рныҟәгара еиҳау насыԥс иҟоузеи аԥсуа изы, гәаартыла ҳара ҳахь имҩахыҵуа дарбанызаалак, милаҭс дзеиуазаалакгьы еснагь даҳҩызоуп, дҳашьоуп, даҳгәыцхәуп.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me