Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ааигәа Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысит активистцәа еидызкыло Урыстәылазегьтәи арра-патриоттә форум «Пост №1» ҳәа изышьҭоу аартра. Уаҟа рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь еизгоу акоманда.
Афорум аартын «Чистяковская Роща» ақалақь афашисттә жәылара аан иҭахаз рбаҟаҿы. Аусмҩаԥгатә хацыркын абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Краснодар ақалақь ахадара, арратә еибашьцәа ҿарацәа, акурсантцәа, аказакцәа. Краснодар ақалақь ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Василиев иазгәеиҭеит, сынтәа афорум хәымш ишымҩаԥысло, алахәылацәа рԥышәеи рдырреи реимадара шхацыркхо. Краснодар ақалақьтә Дума ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Галина Ернакова инаҵшьны иазгәалҭеит ари афорум Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа агәалашәаразы есышықәса ишымҩаԥырго, уи аҵакы шдуу.
Ихыркәшахеит Ҟәбантәи аказакцәа рыр аҳаҭыртә хьчаҩцәа рротеи, Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә адоуҳатә оркестри рықәгыларала. «Пост №1» - Урыстәылазегьтәи активистцәа рхеидкыла, аибашьцәа рҳаҭгәынқәа рзааигәара агәалашәаратә хәылԥазқәа назыгӡо, Урыстәыла арратә клубны иԥхьаӡоуп. 2015-2024 шықәсанӡа аусмҩаԥгатә алагалан афедералтә проект «Патриотическое воспитание граждан» ҳәа захьӡу. 2021-2024 шықәсқәа рзы имҩаԥган аизарақәа - Твер/Ржев, Волгоград, Санкт-Петербург, Тула рҟны.
Ақьыԥхь иазлырхиеит
Саида Ҳаразиа