Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Абар, уажәшьа 20 шықәса инареиҳаны иҵуеит абас ааԥхьара ҳалҭоижьҭеи, аибашьра ашьҭахь иааиҵагылаз ҳмилаҭ рабиԥара ирхаҭарнаку, ҳгәы ҭызго, еҵәа шашаны ирылҷҷаауа, ирылԥхо, адунеи аҿы еицырдыруа (ус ҳҳәартә ҿыӷәӷәала азин ҳамоуп) Хьыбла Герзмаа.
Иааиԥмырҟьаӡакәан шықәсыла ԥхьаҟа иазгәаҭоу аҳәаанырцәтәи лгастрольқәа мышла, сааҭла имҩаԥысраны ишыҟоу шылдыруагьы, адунеиаҿы еицырдыруа аопера-театрқәа рсценақәа, аконцерттә залқәа илзыԥшу ирхаршәалан, еиҩызарала, еилкаарала, доуҳала лдунеи иаднакыло, илзааигәоу, леиԥш зеиԥшу, еицырдыруа лыцмҩахыҵуеит. Ҳаргьы, есышықәса ус еиԥш аиԥылара ҳазыԥшуп, уажәшьҭа уи традициахеит. Ус еиԥш иҟоу амузыкатә хәылԥазқәа азыӡрҩцәа ргәы ҭнагоит, илыцымҩахыҵуа ракәзар, адунеи еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа дуқәа Елена Образцова, Ильдар Абдразаков, адирижиор Владимир Спиваков реиԥш иҟоу ҳаргьы дҳадырныҳәалоит ршьапы иқәгылан, еихымсыӷьуа напеинҟьарала.
Абас наҟ-ааҟ еидныҳәаларала, агәаҳәара зцу еилибакаарала ҳазхәаԥшуа, ҳаззыӡырҩуа лконцертқәа рышьҭахь, ҩаԥхьа аиԥыларанӡа ибжьоу амшқәа ирласны иниасны ицандаз ҳәа ҳаԥшуп. Урҭ рыбжьара амузыка, иаҳарак аклассикатә, абзиабаҩцәа азҿлымҳауп – ҳаиаҵәалаша дахьықәгыло, лықәҿиарақәа, илзырҳәо аҽхәаԥхьӡқәка. Урҭ ахьымҩаԥысуа адунеи ахсаала унадгылар иубоит: Париж, Лондон, Ниу-Иорк, Пекин, Токио, Милан, Рим. Аха урҭ зегьы ираԥхьагылоуп, Москва ҩнаҭак еиԥш илзыҟалаз, раԥхьатәи лшьаҿа, адунеи амузыка азхаҵара ахьлауз, иахьлызҳаз.
Аԥсуа зыӡырҩцәа, аклассикатә музыка абзиабаҩцәа ныҳәа дуны ирзыҟалеит ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц аԥхьатәи амшқәа руак. Ҳара иҳамазҭгьы Гинесс Ишәҟәы иеиԥшу, иналукааша арекордқәа знырҵо, ианвар 11, Абаза- ТВ иархиаз, инеиҵыху сааҭла (17 сааҭ) ихеибарҭәаауа апроект «Хьыбла Гьерзмаа ҳналыԥхьоит!» анылон.
Асеиԥш апроектқәа ателехәаԥшцәа гәахәарала ирыдыркыло «Абаза-ТВ аҿы ибзиоу традициахоит. Иара Абаза-ТВ аԥхьатәи аусура амш инаркны напхгара азызуа адиректор хада Руслан Ҳашыг аԥхьаҩцәа, шамахак акәымзар ирдырра аҭахӡам. Уи иколлегацәа ажурналистцәа изыҟарҵо агәрагарала акыршықәса ҵуеит еидызкыло Реидгыла хантәаҩра азиуеижьҭеи. Ижурналистра аҟазара инамаданы, атәыла ауаажәларратә ԥсҭазаара активла иалахәра, аус аиҿкаара, напхгара азура рҿиарала, махәҭа рацәала илнахуа иаҳа ихадоу ауаажәларратә нырра зауа, аӡыргара ҟазарыла илшоит, иҟазшьа ҷыдоуп, урҭ инарыцны, аамҭа агәеисыбжь, ианаамҭоу, иахьаҭыԥу аҟазаара, акомментари нацҵаны ателехәаԥшҩы изнагара.
Иазгәаҳҭаз иусура аҟазшьа аҷыдарақәа зегьы ааидкылан ианыԥшуеит инапхгарала еиҿкаау, ҳтәыла анҭыҵгьы (аефир ҳәаа амаӡам) Абаза-ТВ еиҿнакаауа апрограммақәа, апроект ҿыц «Хьыбла Гьерзмаа ҳаалыԥхьоит» уахь иналаҵаны.
Уи рҿиарала иазхәыцны, ишәаны, изаны, аус зыдуло апроект, ҳашәаҳәаҩы, иаҳзаалыртуа иссиру амузыка адунеи ахь раԥхьатәи лшьаҿа инаркны леизҳашьа, уи дшазнеиз ателехәаԥшҩы изааигәахартә, гәрагарала идикылартә иҟаҵоуп. Ҳара уи апроект ҳахәаԥшит Ашықәс ҿыц ҳазҭалаз аԥсшьара мшқәа руак (уахыки ҽнаки егьаагымхо, досу ишаҳгьамаз ҳтелехәаԥшыгақәа рҿаԥхьа ҳтәаны).
Апроект анапхгаҩы, анагӡаҩ Руслан Ҳашыг еснагьтәи иеилахара иахаршәалан, иааркьаҿны ҳаицәажәара аан иҳаиҳәеит ус еиԥш аидеиа шцәырҵыз, аус адулара апроцесс шымҩаԥысуаз. Абар иахиҳәаауа: «Зны-зынла ҳаилахара иахҟьаны иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭыс рацәа иаҳзалбаауам, ианаҳцәалаӡуа ҟалоит – иаабац ес-ҽнытәуп ҳәа ихадоу аинформациа. Нас аамҭа анцалак, уи иааџьоушьартә арезонанс аиуеит. Убри аҟнытә иахьатәи ахҭыс, уаҵәы ишҭоурыххо аадыруазароуп, ажурналист уи дазхиазароуп, иҭаҵәаху аудио-видео имазароуп.
Сара хаҭала ателехәаԥшраҿы раԥхьатәи сусура амш инаркны иахьа уажәраанӡа ус еиԥш иҟоу ахҭысқәа, хронологиала еишьҭаргыланы, ианраамҭоу ате-лехәаԥшҩы ибартә аус адулара иазырхианы авидео нҵамҭақәа рҿы реиқәырхара саҿуп. Абас зцәыргара аамҭа ааиз ируакуп инеиҵыху апроект «Хьыбла Гьерзмаа ҳаалыԥхьоит». Еизаку аматериал аус адулараҿы иувагылазароуп зҳәоу еиқәшәоу ажурналистцәа, аоператорцәа, арежиссиорцәа».
Хьыбла илызку апроект анҵамҭақәа напы дыркын Пицунда. раԥхьаӡатәи лконцерт анымҩаԥысуаз. Убри инаркны Хьыбла лконцертқәа ахҳәаа рзыҟалҵоит ажурналист Лиана Ебжьноу. Лиана дазҿлымҳауп Хьыбла лырҿиара, дашьҭаҵаауеит, еизылкуеит дызлахәу аспектакльқәа, лконцертқәа амузыкаҭҵааҩцәа ишрыдыркыло, иахырҳәаауа, ажәакала Хьыбла лырҿиаратә еизҳашьа ҭылҵаауеит, ас аизыҟазаашьа даргьы еизааигәанатәит, уи ус шакәу убоит апроект уанахәаԥшуа.
–Хьыблеи сареи ҳанеибадыр инаркны илнызбало: лара ауаҩы дизааигәоуп, лашәаҳәашьа еиԥш лыччаԥшь хаа, лхәыцшьа, лхымҩаԥгашьа ԥшқарахуп, – лҳәеит иааркьаҿны ажурналист Лиана Ебжьноу.
Аиаша ҳҳәозар, ари аҩыза апроект азы ажәа – ибзиоуп – мацара ахҳәаара азхом Ибзиаӡоуп! Угәы ҭнаргәырӷьаауеит адунеиаҿы еицырдыруа Парижтәи Гранд Опера, Милантәи аоператә театрқәа реиԥш Европеи, Азиеи, Еиду Аштатқәеи инагоу рконцерт залқәа ианырныҩуа Хьыбла лынагӡарала. «Ахәрашәа», «Шьышь-нани» – ахәаԥшцәа зыршанхо, ршьапы иқәгыланы ианырзеинырҟьо.
Абас адунеи амузыкатә культура ихьырҵәаҵәан иаланагалаз Хьыбла Гьерзмаа лыбжьы хаа, лашәҳәаҳәашьа уаназыӡырҩуа, иузгәамҭаӡакәан зны-зынла игәыԥшаараны, цәалашәара хьаа-хәыцрак наухьысуеит. Заҟаҩы ҳмилаҭ культура, ҳҟазара аҩаӡара шьҭызхуаз ргәалашәарада абиԥара иааиҵагыло здуԥхьало инеиҵыху аудиотелефильмк (уигьы уарла-шәарла иааԥхьаз иаԥырҵоз рыда) рыҭнымхаӡакәан иниас ицада.
Аиаша ҳҳәозар, ателехәаԥшцәа ишанханы, иԥхаӡа ирыдыркылаз ҳазлацәажәо апроект «Хьыбла Гьерзмаа ҳаалԥхьоит!» аефир аамҭа асиужетқәа рҭыхра, реиқәырхара шықәсыла, нас ателеспецифика инақәыршәаны апрофҩаӡарала аԥҵара ажурналист Руслан Ҳашыг хаҭала иаԥшьгарада, инапхгарада изыҟаломызт. Узеигәырӷьаша, ус еиԥш зус иазнеиуа рацәахо иалагеит. Аха, изааӡарызеи, ҳара ҳҿы иахьа макьанагьы инарҭбааны, иазхәыцны ҳәынҭқарратә знеишьала хылаԥшра амам ҳҭоурых, ҳҟазара, ҳкультура (апериодикатә кьыԥхь уи ишазнеиуа аалхны) ӡырзго, аԥхьагылара азызуаз, иазызуа рџьабаа арҿиара иадырҵо зныԥшуа, зыԥсҭазаара аамҭа ақәызҵо авидео кадрқәа рыбжьы нацҵаны адокументалтә аудио-видео фильмқәа раԥҵара. Ус еиԥш ауснагӡатәқәа, иааиԥмырҟьаӡакәаны блаҵарыла акыр шықәса ҵуеит амилаҭқәа аус адырулоижьҭеи. Ҳара ус ианаамҭаз напы аҳаркыртә аҭоурыхтә лахьынҵа ҳмоуит, изыхҟьазгьы иааркьаҿны иаҳгәалаҳаршәап. Ас еиԥш шықәсыла инеиҵыху анагӡара иашьагәыҭны иҟалашаз Аԥсуа радио ашьақәгылара, изнысыз ааӡаб мҩа, Аԥсуа телехәаԥшра акәзар, уи аартра Аԥсны зегь реицгылара ада ишзалмыршахоз амзызқәа реиқәыԥхьаӡара ҳалагом, аха акызаҵәык иҳәатәу: аҩажәатәи ашәышықәса аналага инаркны анҵәамҭанӡа ҳмилаҭ атрагедиа ахы ахьҵысуаз Қарҭынтәи ауп. Уи зырцыхцыхуаз, аиҵаҟәаҟәа зыршоз, ибзианы ирдыруан иахьатәи ацивилизациа иарҿио, амилаҭ еидызкыло, ааӡаратә культура шьҭызхуа, абжьи асахьеи еиқәзырхо хархәага дуны аханатә арадиои ателехәаԥшреи ́ шыҟаз. Убри азы Аԥсны урҭ рҿиара, рышьақәгылара еиԥырҟьон, шьапҿаршә азыруан, аԥсуа милаҭ уи ахархәара иахырбаауан аибашьра ианналага аҽнынӡа.
Анц́әа иҟынтә, ҳара иахьа ус еиԥш анҭыҵынтәи ақәӷәӷәара ҳамаӡам. Адунеи ҳаамҭазтәи ҿахәҳәагас иазырԥхьаӡо аелектронтә медиа ҳара ҳмилаҭ идырҿио адоуҳатә беиара еиқәзырхо, иӡырзго аҳәынҭқарратә знеишьа аман иҟалароуп.
Абас, маҷк угәы еихьызшьуа, аха агәыӷра хәыцрақәа узцәырнагоит Абаза-ТВ иазнархиаз «Хьыбла Гьерзмаа ҳаалыԥхьоит» апроект уанахәаԥшуа.
Владимир Аҳашба