Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара

 

Иҳаҩсыз ашықәс азы, Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵраинамаданы ирылаҳәаз аусмҩаԥгатәқәа рхыркәшара шеиҿкаазгьы, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, иагханы акәзаргьы, ари аусмҩаԥгатә иацҵо, хаҭала, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла абзоурала, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны имҩаԥган, Д.Гәлиа иҩымҭақәа ирылхыз Алитература-театртә композициа «Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара» захьӡыз.

Акультуратә хәышҭаара ауасхыр азышьҭазҵаз, алагамҭақәа зегьирылагамҭоу, ахырхарҭақәа зегь рымахәҭақәа ирхадоу Дырмит Дуизкыз ахәылԥаз ахь имҩахыҵыз афилармониа азал  дырҭәит. Ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҵарауаа уҳәа инарҷыданы, еиуеиԥшымақалақь школқәа рҟнытә арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи азал аҟны, уаҩиахьибо агәахәара узҭо акы акәын.

Ахәылԥаз аартын «Ахшыҩ аԥшәымоуп, аҵара сасуп» ҳәа, хәыҷгьы-дугьы еицырдыруа ацәаҳәақәа гәылзырҭәаауа, акыршықәсқәа раԥхьаД.Гәлиа иаԥхьарала иҭаҩыз ажәеинраалала. Уи ибжьы ҿацаӡа, иахьаиԥсы ҭаны ижәлар  дрылагылазшәа, игәыҟаҵаган иааҩуан аекран дуаҟнытә. Даҽазныкгьы уи иажәақәа ухьадырԥшуан аҵарахьы, адыррахьы.

Анаҩс, иқәгылеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла. Ахәылԥазахы инаркны аҵыхәтәанынӡа, иныбжьаршә-аабжьаршәны Аԥснызҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа Д.Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратәмҩеи дазааҭгылон хрыжь-хрыжь. Уи иажәабжьеиҭаҳәара хациркитД.Гәлиа дахьиз аҭаацәара ала,  ԥшьышықәса анихыҵуаз амҳаџьырра шрыхьӡаз, ианду Фындық лнапы кны, ихәмарга иӷба хәыҷы иҩыҵракихдырҵәаз иуаажәлар зегь реиԥш агаҿахь дышцоз ала.

Ахәылԥаз аҟны Д.Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи инарҷыданы, ирзааҭгылон хәҭа-хәҭала уи ганрацәалатәи иусура амҽхак, ахырхарҭақәа зегьы.

Аиашазы, Д.Гәлиа даӡәыкны, уи ихациркыз, дызҿыз, еиҿибаауаз, еидибалоз аусқәа ҵҩа рымамызт. Имҳәакәан высшьа амам, раԥхьаӡаакәны, Маҷавариани  дицырхрааны аԥсуа нбан шеиқәиршәаз. Раԥхьатәи агазеҭ «Аԥсны» аҭыжьра хациркит жәабран 27, 1919 шықәсазы. Уи аҭыжьра иацыз ауадаҩрақәа еилкаауп,  ҿыц ҳазааҭгылом. Аԥсуа литература  шьаҭаиркит. Аԥсуа театр атрупа аԥҵахеит уиибзоурала. Абызшәа, алитература, аҭоурых, аҭҵаарадырра, аҟазара, аетнографиа уҳәа ахырхарҭақәа зегь рҟны иҽԥишәон, аџьабаа ибон, алҵшәагьы ааирԥшуан. Уи ибзоуроуп иахьа иҳамоу аихьӡарақәа зегьы. Шьаҭас ирымоуп Дырмит Ду имцажәла. Д.Гәлиа илеиҵаз ажәлаиахылҿиааит ахҿарах бзиа иахьа ҳазхыҽхәо, ҳгәы зладуу.

«Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара» еиднакылон Д.Гәлиа иԥсҭазаареиирҿиаратә мҩеи, Аԥсны жәлар рпоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит,  инагӡан уи иажәеинраалақәа ирылхыз ашәақәа.

Аԥсны жәлар рартист  Кьасоу Ҳагба иакәзар, уи дзыԥхьаз Д.Гәлиаиажәеинраалақәа ируакуп, аӡәырҩы ҿырҳәала ирдыруа, ирҳәоажәеинраала  лыԥшаах «Сыхаара сыԥсадгьыл», иара убас, М.ЛакрбаД.Гәлиа изикхьаз ажәеинраала «Д.Гәлиа  уахь».

Ахәылԥаз аҟны  аҳра  руан ажәеи  ашәеи. Иныбжьаршә-аабжьаршәны ахәаԥшцәа ргәы дырҿыхон ашәала.

Еиуеиԥшым  ашәақәа нарыгӡеит Аԥснытәи  ахортә капелла, аҭыԥҳацәа рвокалтә ансамбль «Гәында», ахортә студиа «МиСолька».

Ари ахәылԥаз еиҳагьы идырлахҿыхит акәашаратә ансамбль «Абаза» аҟазацәа хәыҷқәа.

«Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара» гәыцәс, хықәкыс иаман Аԥсны жәларрпоет, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, апатриарх ду, арккаҩы Д.Гәлиаиажәеи иуси рӡыргара, рызхьаԥшра, абиԥара ҿа рызнагара. Уи иажәа ҟәышқәа рыхшыҩҵак гәылыршәақәа ҩаԥхьа ргәаларшәара, ргәынкылара, рхархәара

«Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара» еиҿкаан ҩаӡара ҳаракыла. Ажәеи ашәеи  еиҿыбааны, еинааланы, ахәаԥшҩы аинтерес изаҵаны, игәыԥҵәагамкәан, игәыԥсыршьаганы аиҿкаара ибзоуроуп абаҩхатәразлоу, Аԥсуа  ҳәынҭқарратә театр актиор, арежиссиор қәыԥш Гәдиса Ҭодуа.

Ахәылԥаз ахыркәшара ашьҭахь, уахь имҩахыҵызи, аиҿкаара аџьабааадызбалази, зхы алазырхәызи зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахьӡала, хаҭала ахәаԥшцәа иддырбазакомпозициа иалахәыз  Аҳаҭыртә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи риҭеит Аԥсны  ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг  Аԥҳазоу.

Алиса Гәажәҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me