Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Арӡынба Адгәыр Амиран-иԥа диит 1982 ш. ианвар 8 азы Гәдоуҭа ақалақь аҟны. Даԥсыуоуп.
Далгеит Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкартәи аҳәынҭқарратә университет «ааглыхра-уаҩытәыҩсатә ргылара» азанаатә ала. Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аԥсуа жәлар рхеидкыла» ахантәаҩыс дыҟоуп. Дынхоит Афон-Ҿыц.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи дыртәылауаҩуп.
1992-93 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәымызт.
Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Алхас Џынџьал
Џьынџьал Алхас Владимир-иԥа диит 1974 ш. октиабр 6 азы Аҟәа ақалақь аҟны. Даԥсыуоуп.
Далгеит Ҟабарда-Балкартәи аҳәынҭқарратә университет амедицинатә факультет. Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы ҳақьым-хирургс аус иуеит. Дынхоит Аҟәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи дыртәылауаҩуп.
1992-93 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.