Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Гәынба Бадра Зураб-иԥа диит 1981 ш. август 14 азы Аҟәа ақалақь аҟны.
Даԥсыуоуп. Иреиҳау аҵара имоуп.
Далгеит Саратовтәи аҳәынҭқарратә аграртә университет, «аҳасабеилыргареи аудити» азанааҭ ала. Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихыҭаԥуаҩыс дыҟоуп. Дынхоит Аҟәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи дыртәылауаҩуп.
1992-93 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәымызт.
Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Беслан Бигәаа
Бигәаа Беслан Владимир-иԥа диит 1971 ш. ииуль 28 азы Тҟәарчал ақалақь аҟны. Даԥсыуоуп.
Далгеит Мрагылара-Украинатәи аҳәынҭқарратә университет «автомашьынақәеи автомашьынатә нхамҩеи» азанааҭ ала. Очамчыра араион Ахадара деиҳабуп. Дынхоит Очамчыра.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи дыртәылауаҩуп.
1992-93 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.