Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аиҵбыратә қәра иаҵанакуа, Аԥснытәи аспортсмен қәыԥш Шорена Гәыниа раԥхьаӡакәны лхы рылалырхәит Урыстәыла Афедералтә округ хада аҟны имҩаԥысыз аҵаақәшьқьыраара иазку аицлабрақәа.
Аицлабрақәа мҩаԥысит ақалақь Смоленск, ажьырныҳәамза 26 инаркны 28-нӡа. Иалахәхеит Афедералтә округ хада арегионқәа зегьы рҟнытә 80 инарзынаԥшуа аҵаақәышьқьрааҩцәа.
Томбовтәи аобласт дахаҭарнакны дықәгылеит Шорена. Ас еиԥш акрызҵазкуа аиҵбыратәқәа иаҵанакуа аицлабрақәа рҿы аҽалархәра Томбовтәи аобласт азы раԥхьаӡатәиуп.
Шорена Гәыниа ари аҩыза алҵшәақәа зылшаз, раԥхьаӡатәи аԥсуа ҵаақәышьқьрааҩуп.