Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысит есышықәсатәи итрадициатәу ахәыҷтәы шахматтә турнир. Уи рхы аладырхәит Аԥсны ақалақьқәа рыҟнытә 90-ҩык ахәыҷқәа.
8 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа қәыԥшцәа рыбжьара аиааира згаз иреиуоуп: Давид Тҟебучаа (Аҟәа), Емили Гәлариа (Гәдоуҭа); аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Глеб Хынҭба (Гәдоуҭа), Адель Ԥапба (Аҟәа), ахԥатәи – Дамир Хәыснутдинов (Аҟәа), Амели Адлеиба (Аҟәа).
14 шықәса зхыҵуа рыбжьара: Армен Пончиан (Гәылрыԥшь), Полина Марченко (Аҟәа); аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Герман Жирков (Аҟәа), Мирра Смыр (Афон Ҿыц); ахԥатәи аҭыԥқәа: Емир Абанос (Гагра), Дариа Шалина (Аҟәа).
Аԥхьахәқәа згаз зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо иранашьан ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә бӷьыцқәеи.
Акьыԥхь иазлырхиеит
Аманда Анталаа