Аиааира агәра игон

Аԥсны Жәлар зегьы рзы ихадароу аныҳәақәа-Аиааира иатәу арыцхәқәа азгәаҳҭоит цәыббрамза анҵәамҭазы.

Цәыбрра 27-Аҟәа ахы ақәиҭтәра амши, цәыббра 30-Аиааира амши рыламҭалазы лассы-лассы еиқәшәоит, еибабоит аибашьра аветеранцәа, иргәаладыршәоит аибашьра адәаҿы инхаз, иахьа иҳамоу аҭынч ԥсҭазаара зхы ақәызҵаз рҩызцәа. Шаҟаҩы Аиааира рбарц азы мышқәак рзымхада ? Акыр шықәса шцахьоугьы шаҟа иҵарузеи урҭ ргәалашәара иацу ахьаа?
Аҟәа ахы ақәиҭтәра амш аҽны ижәымшы азгәаҳҭон»,- лҳәоит лашьа Руслан дихцәажәо, иреиҳау акатегориа арҵаҩы, Аҟәатәи алицеи-интернат аиҳабы Лариса Қаԥԥҳа. «Руслан сара сҵкыс деиҵбын, дҭан Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, аха аԥышәарақәа рыҭира дахьымӡаӡеит. Аибашьра ианалагаз сашьа еиҳабгьы иаргьы Урыстәыла иҟан, дара хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз ирыцны иааит шьх­ала. Цәыббрамза 19 рзы Ҭҟәарчал инеит аҩыџьагьы, ҳара усҟан уа ҳанхон. Иалалеит Тҟәарчалаа аҷкәынцәа еиҿыркааз, агәыԥқәа иреиуаз «Скарпион»,-аб­ас лажәабжь хацлыркит згәи зылаӷырӡи еилаҵәоз, «Леон ироден» занашьоу аԥсадгьыл ахьчаҩ Руслан Қаԥба иаҳәшьа Лариса Қаԥԥҳа. Лара лажәақәа рыла лашьцәа анаауаз бџьарла рҽеиқәыршәан иааит , рхазы мацара акәымкәа аӡәык-ҩыџьак ирыцхраартә еиԥшгьы иҟан. «Скарпион» иалаз аибашьцәа рыштаб Тҟәарчлтәи ахәбатәи ашкол аҟны иҟан, ҳара уи ааигәа ҳанхон, убри аҟынтәи Руслан ихьԥшны ҳаҩны иааиуан агәыԥ иалаз аибашьцәа зегьы. Иуҳәар ҟалоит урҭ ҳаҩны тәарҭас гыларҭас ирыман ҳәа. Лариса урҭ ахҭысқәа дырзааҭгыло илҳәоит усҟан аблокада иҭакыз Тҟәарчал ааныжьны аӡәырҩы алҵны ишцозгьы, лара зныкгьы лхахьы ишымааиз лхәыҷқәа ралгара, избан акәзар, ажәыларақәа рҟынтәи игьежьны иааиуаз аибашьцәа хәыԥхак ҟаҵаны ирҿаҵатәын, рымаҭәа-рҩыҭа еиқыршәатәын.

«Ибзианы исгәалашәоит, сыԥшәма афымца ала ателербага аҿаҳкыртә алшара шыҟаиҵаз. Ҳара ҳҟны еизон жәабыжь ҿыцк заҳарц зҭахыз зегьы. Исгәалашәоит Руслан ишиазҵаауаз ирҳәеи ҳәа, иара ирзеиҭеигон ажәабжьқәа. Иԥсыуаны иааӡаз, зыламыс ҳаракыз, цәаҩала итатаз Руслан Қаԥба аибашьраан аӷа иганахь рыцҳашьара аазмырԥшуаз, фырхаҵа ӷьеҩны даақәгылеит. Иара дызлаз агәыԥ алахәын Аԥсны Мрагыларатәи афронт аҿы еиҿкааз ихадароу ажәыларақәа зегьы. Руслан даара ибзианы ихы ааирԥшит иультәи ажәылараан, иуль 1 иара имшииран, амза 2 рзы ажәылара ицеит, амҩаду аанкыланы Ануаа рхәы ҳәа иахьашьҭоу ахәы аҭарцәразы. «Скарпион» агәыԥ аибашьцәа абџьар ҳамам, џьыԥҳаныла ҳхьысҳауп ҳәа гәкаҳарак аадырԥшуамызт. Алаф рҿан, уи ала ргәы шьҭырхуан. Аиааира агәра ргон, ргәы хыҭ-хыҭуа уи аагара иазыԥшын»,-лҳәоит Лариса Қаԥԥҳа. Руслани аиааиреи ирыбжьахаз жәеиза мшы заҵәык роуп. Иара дҭахеит цәыббрамза зеижә рзы. «Усҟан сгәы иаанагон - ирызгәакьоу ауаа еибганы, аибашьра амца иалҵны Аиааира амш иаԥыло ауаа зегь реиҳа насыԥ рымоуп ҳәа»,-лҳәеит Лариса. Руслан Қаԥба ижәымшы аныҟарҵоз цәыббра 27 рзы ажәлар иазгәарҭон Аҟәа ахақәиҭтәра амш. Аҳҭнықалақь аӷа дшалцоу азы ажәабжь анҳаҳаз анышәынҭра ҳҭагылан. Ари гәыҿкааган, ихьаан. Избан акәзар, ҳашьа еиҵбы имбаӡеит убасҟак дыззыԥшыз, ихы дыззамеигӡоз амш. Уажәшьҭа еилкаан гәыҩбарада Аҟәа аҭарцәра ашьҭахь аӷа ибӷа ашшара шыхжәоу, Аԥсны зегьы шҭарцәхо атәы. Акы заҵәык ҳгәы зҟажоз акәын, Руслан ихы зқәиҵаз адгьыл аҿы гәыҩбарада зыгәра игоз Аиааира ахьыҟалаз»,-лҳәоит зылабжыш нхажжылаз Лариса Қаԥԥԥҳа. «Скарпион» агәыԥ иалаз аибашьцәа ирымаз аибабара, апату еиқәҵара, аихаҵгылара атәы аҳәара уадаҩуп. Аӡәи -аӡәи рыцҳаибашьон, иахьеицхыраарыз иашьҭан лҳәоит лара. Ажәыларақәа руак аан агәыԥ иалаз Руслан иҩызцәа руаӡәк ахәра иоуит. Руслан уи аибашьҩы ихәра ӷьаанӡа ихәыҷқәа хәыҷуп, ирыцхраатәуп ҳәа ԥхьаӡаны, ахәы нарзыршалак иара иқәнагоз ганы ихәны ишьҭаз иҭаацәа ириҭон. Руслан аҭаацәара раԥҵара дахьымӡеит, ҩажәи жәохә шықәса ихыҵуан данҭахоз. Аибашьра ашьҭахь Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба идҵала Руслан Қаԥба аибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәаразы «Леон» иорден ианашьан. «Ишьҭамҭа иацызҵаша хылҵк диҭанхазҭгьы, ҳгәы даҽакала иҟалон, аха урҭқәа-аԥхьаҟа аиҵыҵра иазкыз агәҭыкқәа иара дырхьымӡеит»,-лҳәеит аиаҳәшьа. Иахьа иҳамоуп Руслани иҩызцәеи рхы зқәырҵаз, жәларык хмеигӡарыда иззықәԥоз Аиааира. Уи аҭоурых хьы нбанла иануп аибашьцәа гәымшәақәа рыхьыӡқәа, урҭ рыбжьара дыҟоуп Руслан Қаԥбагьы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me