Сентиабр 14. Аҧсныпресс. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит Жәлар Реизара адепутатцәа, - иаанацҳауеит Ахада Иусбарҭа асаит. Аиҧылара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"30 шықәса шҵхьоугьы, аамҭа акыр шахылахьоугьы, иахьаҽнеиҧш ҳабла ихгылоуп аҧсуа жәлар иҳхаагаз, ҳазлагылаз ашьаарҵәыратә еибашьра. Исгәалашәоит,аибашьра ианалага, нанҳәамзазы Аҟәа сшыҟаз, аибашьра ахҧатәи амш аҽны Аҟәа ааныжьны Ешыраҟа ҳцара. Ешыратәи ацҳа ҳанықәс, ҳахьцо ҳзымдыруа ҳашгылаз, ишызбаз Аҭараа рҭыҧҳацәа Гәындеи Жаннеи Кәыҵниа-ҧҳацәа. Уи акәхеит, лак-ҩакрада урҭ снарывагылеит," – абас ҳаиҿцәажәара хацыркуа, аибашьра атема алацәажәара акыр ишылцәыуадаҩызгьы лажәа дналагеит "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, Аҧсны…
Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев Имшира идиныҳәалеит.
Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысит Ахада Аслан Бжьаниеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиҧылара. Уи иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Инал Арӡынба, Ареспубликатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Аҧснытәи амилаҭтә хеидкыла" ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба, Ареспубликатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, Ареспубликатәи аполитикатә партиа…
М.С. Шьчепкин ихьӡ зху Урыстәыла Иреиҳаӡоу атеатртә ҵараиурҭа аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны аҧсуа курс – 15-ҩык астудентцәа (10-ҩык аҷкәынцәа, 5-ҩык аҭыҧҳацәа) аднакылеит. Урҭ ҧшьышықәса рыла Ф.Искандер ихьӡ зху адрама Аурыстә театр атруппа хадырҭәаауеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит атеатр адиректор Иракли Хынҭәба Феисбук аҟны идаҟьаҿы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me