Аҵеи, аҩнаҭаҿы дани нахыс, даҽакала ихәаҧшуеит: аҧсуа изы уи дыҵәҩан шьаҭамырӡгоуп абшьҭра еихазҳауа, Аҧсадгьыл зыхьчо. Арҭ ахшыҩҵакқәа ҳҵеицәа зегьрыла идырҵабыргит Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла… Аҧсадгьылаз рхамеигӡарақәа ааҧшит ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан. Усҟан аџьынџь ахьчаразы игылеит ақәыҧшцәагьы. Даргьы ҳ-Аҧсны ҧшӡа аиқәырхара рхы ақәырҵон. Абарҭ дыруаӡәкуп 17 шықәса зхыҵуаз Михаил Валериан-иҧа Ҭарба.

Иҿырҧшыгоу афырхаҵара

22 Цәыббра 2022 13:15
Аҭынч ҧсҭазаара згәы азыҳәоз Аҧсны ажәларқәа зегьы рзыҳәан, аибашьра хлымӡаах ирыцҳара духаз шьаарҵәыратә хҭысхеит. Аибашьра аҭоурых ззымдыруа дыҟам, уи рацәак саламлакәа исҳәарц сҭахәуп, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага еиҧхьхәыцрада, рықәра ҿыҵгас иҟамҵакәа рыҧсадгьыл ахьчаразы абџьар шҭыхны еибашьыҵәҟьаз зегьы хымҧада ифырхацәаны ишыҟоу.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дылҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭра ахаҭарнак Залина Кобесова. Сентабр 1 азы змаҵуратә уалҧшьақәа рынагӡара иалагаз Залина Кобесова длыдныҳәалауа, аҳәынҭқарра Ахада агәыҕра шимоу иҳәеит лҵшәабзиала аусеицуразы.
"2008 шықәсазы "Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи азхаҵаны, Урыстәыла ахы иаднаҵеит урҭ ршәарҭадареи рҧеиҧши рыхьчара". Абри атәы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа Аҧшьбатәи рдепартамент аиҳабы Денис Гончар РИА Новости иаиҭаз аинтервиу аҟны. "Урыстәылатәи аган активла иацхраауеит ареспубликақәа рҳәынҭқарратә ргылареи рсоциал-економикатә рҿиареи, убрахь иналаҵаны изыхәҭоу аинвестициатә программақәа инарықәыршәаны, иарҕәҕәоит урҭ жәларбжьаратәи рпозициақәа. Иазгәаҭатәуп, абарҭ атәылақәа руааҧсыра реиҳараҩык иара убас Урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу,…
Сентиабр 16 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Чернышенко, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура. Дмитри Чернышенко бзиала уаабеит ҳәа иаҳәауа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит хаҭала реибадырра дшеигәырҕьауа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me