Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ҳажәлар иргаз Аиааира 30 ш. ахыҵра азгәаҭара иазкны еиҿкаау Аҳәынҭқарратә комиссиа абзоурала иҭыжьуп Д.И. Гәлиеи Т.Шь. Аџьбеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа занашьоу Анатоли Лагәлаа ишәҟәы «Аныуаа рхәы».
Аизга еиднакылоит аибашьра иамадоу ахҭысқәа сахьаркырала иаазырҧшуа ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәеи иповестқәеи, иара убас аочеркқәеи аиҿцәажәарақәеи.
Аҧхьаҩцәа ибзианы ирдыруеит А.Лагәлаа иажәабжьқәа: «Аныуаа рхәы», «Сыҧсадгьылгьы заҵәуп», «Аҳаҭгәынқәа рырҳәыҩцәа», «Ахҵәацәа», «Ҩ-ҳаҵлак рыгәҭыхақәа», «Издыруада дыҵәҩаншьапхар», «Издыруада дыҵәҩаншьапхар» уҳәа егьырҭгьы.
Аповестқәа: «Ҿаҵак анышә», «Аҵыхәтәантәи ахәы», «Зҿы аару ахәра» инарҭбааны ирныҧшуеит аибашьра иацыз арыцҳарақәа, аха убри инаваргыланы ицәыргоуп Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара.
Аҭыжьымҭа иагәылалеит иара убас аурысшәахь еиҭагоу автор иажәабжьқәа рыхәҭак: «Ануаа рхуы», «Родина-одна», «Грабители могил», «Переселенцы», «Она погибла чистой», насгьы иповест «Открытая рана».
Аочеркқәа: «Зыҧшӡара иеиқәнархаз…» (Кама Лашәриа илызкуп), «Ҵабалҟа ҳхынҳәуеит!..» (Аҧсадгьыл ахьчаҩ, ҳџьынџьуаҩ Зульфи Аҵәызба ихҳәаауп).
Аиҿцәажәарақәа рахь иаҵанакуеит: «Ахы иаҿамшәаз, ҧхьаҟа ицон…», «Аҧсны зыхьчоз срылагылан…».
В. Ажәанба