Аҧсуа шәҟәыҩҩы, адраматург Шоҭа Ҷкадуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит. Шоҭа Аугьан-иҧа Ҷкадуа диит 1932 ш. август 20 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол даналга абжьаратә ҵара хиркәшеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1952 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет дҭалеит, қәҿиаралагьы далгеит.

Урҭ зегь фырхацәоуп

06 Жьҭаара 2022 12:48
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рылагылара сшазхәыцуазгьы, раҧхьатәи амш азы сзымцаӡеит. Сашьа деибашьуан, саҳәшьа Очамчыра далаханы дыҟан, зықәрахь инеихьаз сани саби сзынмыжьит азныказ. Уи инаҷыдангьы, «исылымшо аус салагаӡом». Ус схәыҷаахыс ҟазшьас исымоуп аҟнытә, акыр сыҽҧысшәон, аибашьра акыр ауадаҩрақәа шацу еилыскаауан. Сыхгьы сазҵаауан исылшару ҳәа. Схы агәра зго саныҟала ҩба-хҧа мзы ааҵхьаны еиҧш «еибашьра сцоит» ҳәа Тҟәарчал аштаб ахь снеит.…
Ааигәа И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҧшьгарала имҩаҧысит шьҭа итрадициатәхаз ажәбатәи Жәларбжьаратәи аҿартә Арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿы анеиааира». Сынтәатәи аусмҩаҧгатә абиблиотека зыхьӡ аху раҧхьатәи аҧсуа романист, Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван папасқьыр диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазкхеит. Убри аҟынтә абжьааҧынтәиқәа излареиҧшымыз аҷыдара алан. Амилаҭтә библиотека ашҭаҿы улаҧш надхало ирхиан еиуеиҧшым акәакьқәа. Аҧхьаӡа иргыланы иазгәаҭатәуп аныҳәа ишалахәыз, Аҟәа ақалақь акультуратә усҳәарҭақәа реиҧш,…
Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш азгәаҭараан Аҟәа, Леон имҩаду аҟынтәи ихацыркын маланыҟәала аиҧхныҩлара. Амаланыҟәа иақәтәаз рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Алада-Ешыра иҟоу Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба Имемориал аҟынӡа. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш 29 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкын ари аусмҩаҧгатә.
Ҳажәлар рҭоурых аҿы аҵакы ду змоу арыцхә – Аиааира Амш аламҭалазы аибашьра аветеранцәа Аҧсадгьыл ахьчараан иҭахаз рҩызцәа анышә иахьамадоу рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит, абаталионқәа ирылахәыз еиқәшәоит. Аибашьраан ироуз ахәра ҕәҕәақәа згәабзиара ҵыршәааз аветеранцәа аӡәырҩы сынтәатәи Аиааира амшныҳәа азгәаҭара изаҧымлаӡеит. Урҭ дреиуоуп ҵыҧх, аныҳәамш азгәаҭара мышқәак шагыз зыҧсҭазара иалҵыз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Даур Лаврент- иҧа Латариа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me