А ҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи ҩымз ракәын иҵхьаз, аибашьра иаҳзыннажьыз ахәрақәа мҕьацызт, ақалақь аибашьра амца иацәынханы акрызҵазкуаз ахыбрақәа хыблаа-ҿыблаа, еилаҧыххаа, ааха ҕәҕәа рыҭан. Аха аҧхьаҟатәи аҧеиҧш иазхәыцтәын. 1993 шықәса декабр 12 рзы Жәлар Рҧыза, Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аҟны Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҿкааразы Ақәҵара инапы аҵеиҩит. Уи даара ибзианы еиликаауан аҳәынҭқарра аҿиараҿы аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа…
Москва, Абиблиотека №36 аҟны иҟоу Фазиль Искандер Икультуратә центр аҿы иаартуп имемориалтә уада. Ауада аӡыргара иазкыз аусмҩаҧгатә ашҟа инеит Москватәи алитераторцәа, хаҭала Ф. Искандер ибзианы дыздыруаз, ашәҟәыҩҩы иҭаацәа, Москватәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа, ҳџьынџьуаҩ иҭынха пату ззақәу аӡәырҩы.
Лыхнашҭа. Ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, ҳгәацаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзырхәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, ашҭа-ҧшьахь ҳхьазырҧшуа! Ашҭа гәырҕьа-ччабжьыла иҭәуп. Асасцәа аднакылоит. Лыхнашҭа иахыҩуеит аҧсуа жәлар рфырхаҵаратә ашәақәа. Гәдоуҭа араион 20 қыҭа хазы-хазы рашҭақәа рҿы еиҿыркааит рхатәы, ақыҭақәа рҭоурых уазҳәо рцәыргақәҵақәа. Раҧхьаӡа акәны ақалақь Афон Ҿыц ахатә ҭыҧ аман, ибзиангьы. Аҧсуаа рынхарҭақәа рҿы ажьи иҟаҵамҭақәа иалкааз аҭыҧ шрымаз аарҧшын. Ажьи қәыҧш…
Жьҭаара 24 инаркны 28-нӡа Аҧсны ашколқәа зегьы рҟны имҩаҧыргоит, шьҭа итрадицианы ишьақәгылаз "Аҧсуа бызшәа амчыбжь". Аҧсуа бызшәа аӡыргара хықәкыс измоу аусмҩаҧгатә еснагь азҿлымҳара бзиа амоуп. Уи инамаданы хаҭала Аҟәа ақалақь иаҵанакуа ашколқәа рҟны "Аҧсуа бызшәа амчыбжь" шымҩаҧысуаз аилкаараз, ҳара ҳлыҿцәажәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рспециалист хада Нонна Ломиа-ҧҳа.

Аамҭақәа реигәныҩра

04 Абҵара 2022 11:35
Ҳазҭагылоу аамҭа, еснагь еиҧш, маҿа-маҿа еилоуп, аҧсҭазаара аҵла зықәгылоу адгьыл адац-ҧашә аларсуп, аҧсабара анарха иацнаҵоит, иарҕәҕәоит. Дгьыли жәҩани шаҳаҭс измоу аҧсҭазаара аҵла ҧсыс иахоуп, ашықәс аамҭақәа ирыцуп: зны аиаҵәара иҭалаҳауп, ҽазны амахәҭақәа ирҿассы ирҿоу абҕьқәа ҩеижьхоит, ишнеи-шнеиуа иҿышәшәоит, адгьыл иазцоит. Аҵла амахәҭақәа хахаӡа иаанхозаргьы, ргәыҕра дырӡуам, аамҭақәак рышьҭахь, ҩаҧхьа рпытҟәырқәа ылыргоит, абҕьқәа рҿалоит, еиҧынчыла ирызҳауеит. Абас, џьашьахәшәа, аамҭеикәшара иацуп, иузеиҟәымҭхогьы…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me