Ауаҩра зегьы иреиҳауп

13 Жьҭаара 2022 10:42
Ауҩы иҧсҭазаараҿы иалихуа азанааҭ аҟны ақәҿиарақәа иоуырц азы, аҭахра адагьы ҧсабарала уи дазҳәазароуп. Исҭахуп, исгәаҧхоит мацарала иарбан занааҭзаалакгьы алҵшәа аиуӡом, аҧсуаа ҳҟны ишырҳәо еиҧш, Анцәа иуылаиҵозарауп. Иахьа зыӡбахә шәҳардырырц иаҳҭаху ауаҩы гәыла-ҧсыла, ҧсабарала лзанааҭ дазшаны Анцәа адәы дықәиҵеит. Азанааҭқәа зегьы хадоуп, аха еиҳа ихадоу рахь иаҵанакуа иреиуоуп арҵаҩра. Избанзар, арҵаҩы инапы иануп аҧхьаҟа иҕәҕәаҟацаӡа зыуаажәлар ирылагылаша ауаҩы иааӡара.
Есышықәса Аҧсны Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла имҩаҧнагоит ҭагалан иазку аҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Ҳазну ашықәс азы ари ацәыргақәҵа азырхиан Аиааира ду 29-шықәса ахыҵра аламҭалазы. Аҟәа ацәыргақәҵатә зал ахь иааргеит еиуеиҧшым абиҧарақәа ирыҵаркуа асахьаҭыхҩцәа раҧҵамҭақәа. Убарҭ иреиуоуп Виссарион Ҵәыџьба, Заур Мықәба, Амиран Адлеиба, Валери Багаҭелиа, Диана Хынҭәба, Саид Возба, Сасун Торосиан, Асҭанда Адлеиба, Ҟәараса Черқьезиа.

Аҳақьым хада ҿыц

13 Жьҭаара 2022 10:38
Аҧсны асанитартә-епидемиологиатә станциа аҳақьым хадас иҟаҵоу Алла Белиаева напхгара зылҭараны иҟоу аколлектив дыдирдырит Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Еиҭашьақәыргылоуп

13 Жьҭаара 2022 10:37
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы азеиҧш рҧхарҭа еиҭашьақәдыргылеит. Абри аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба даҭааит аҵыхәтәантәи амзақәа рзы аремонттә усурақәа ахьымҩаҧысуаз Ареспубликатә хәшәтәырҭа.

Ҳԥеиԥш знапы иану

13 Жьҭаара 2022 10:35
Ахәыҷы иааӡара, уи аҧсуаҵас ахымҩаҧгашьа илааӡара, ихатәы бызшәала аҷҷаҳәа дцәажәо, ижәлари иҧсадгьыли ргәыбылра, рыбзиабара иркра, зегь раҧхьа – аҩнаҭа, аҭаацәара рҟнытә ахы ыҵнахуеит. Аха уи еиҳа инарҵауланы, ихаҭәааны ахәыҷы иахьизнарго ахәыҷбаҳчеи ашколи рҿы ауп. Хаҭала шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа ахәыҷы аамҭа ахьихиго ахәыҷбаҳчаҿы – ааӡаҩцәа уи иааӡараҿы, идырра аизырҳараҿы ирыбзоуроу рацәоуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me