Аԥсны жәлар рпоет Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра амш азы Аԥсны Ахада дидикылеит. «Шәиубилеи шәыдныҳәалауа агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Шәара абаҩхатәра злоу поетуп, шәҟәыҩҩуп. Еиҭажәгахьеит адунеи аҟны еицырдыруа арҿиамҭақәа. Шәџьабаа ахәшьара бзиа амоуп, Аԥсны еиԥш, Урыстәылангьы. Даҽа жәашықәсақәак шәҳацзароуп», - иҳәеит Аԥсны Ахада.