Декабр 1. Аҧсныпресс. «Иахьа ҳрыхькьысит имариақәоу реиҧш, иара убас иуадаҩқәоу Аҧсни Урыс­тәылеи реизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа жәпакы. Сгәы иаанагоит, ҳаицәажәара аринахысгьы лҵшәабзиала иацҵахап ҳәа», – иҳәеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба аусеицуразы апарламентбжьаратә еиқәышаҳаҭра рнапы анаҵарҩ ашьҭахь. Уи Аҧсныҟа Урыстәы­латәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы иаареи аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩреи иахьа имҩаҧысыз акырӡа зҵазкуа хҭысқәоуп ҳәа рзиҳәеит. «Ари аиқәышаҳаҭра ҳаизыҟазаашьақәа еиднакылароуп, ҧхьаҟа иагароуп», –…
Ноиабр 30 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыс­тәыла Аҳәынҭ­қарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Неверов. Адныҳәаларатәы ажәаҿы Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аҧсны аҵак ҷыда шарҭо Аҧсны Жәлар Реизареи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура.
Декабр 1 азы Аҟәа имҩаҧы­сит Аҧсны Жәлар Реизареи Урыс­тәы­ла­тәи Афедерациа Афеде­ралтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәышаҳаҭра. Уи рнапы аҵарҩит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахан­тәаҩы Виачеслав Володини.
Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини реиҧылара.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы Виачеслав Володин, Аҧсны официалтә визитла иааз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me