Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы зыхьӡ наҩхьоу аҧсуа уараш хаҭабзиара ҳаракыла иахьҭрыжьуа, Ауарашршырҭатә зауад «Аҟәатәи ауараш» анысмҩа акыр иҭбаауп.
1953 шықәсазы еиҿкааз Аҟәатәи ауарашршырҭатә зауад Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ааха ҕәҕәа аиуит. Аха аибашьра ашьҭахь, аамҭа акыр ишыуадаҩызгьы, акадрқәа рыҧшаара шымариамызгьы, ауараш злырхуа аалыҵқәа ракәзар, аҳәаа иахыганы Аҧсныҟа аагара аџьабаа шацызгьы, иара азауад ахыбра аиҭашьақәыргылареи хаҭабзиарала аусура аиҿкаареи илиршеит уи аҭакҧхықәра зхахьы изгаз Аҟәатәи ауарашршырҭатә зауад аиҳабыс иҟаз Омар Кәарҷиа.
Акыр шықәса инеиҧынкыланы лҵшәа бзиала аус зуаз Омар Кәарҷиа, иаамҭанымкәан иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь, 2008 шықәса инаркны лыҧшәма дызҿыз аус анагӡаразы аҭакҧхықәра лхы иадҵаны анапхгаҩыс днеит, иахьа қәҿиарала аус зуа Амра Ануа-ҧҳа.
Зыӡбахә ҳамоу Аҟәатәи ауарашршырҭатә зауад сынтәа 70 шықәса ахыҵит. Уи аиубилеитә рыцхә инамаданы, ари анаплакы аиҿкаашьеи аусушьеи еилаҳкаарц ҳара ҳалҭааит 15 шықәса раахыс азауад аиҳабыс аус зуа Амра Ануа-ҧҳа.
Ауарашршырҭатә зауад аҟны анапхгара, хаҭала, аҧҳәыс лзы аусура даара ишыхьанҭаз азгәаҭо ҳаиҿцәажәара хацлыркит.
«2008 шықәсазы, раҧхьа аусура саналага, анаплакы ахьӡ аиқәырхара, аусура ацҵара, анагӡара, аҭакҧхықәра даара исцәыхьанҭан. Аха, хәыҷы-хәыҷы аусура иаҵаз амаӡақәа сҵеит, аусура аҟазшьа ҷыдақәа, азнеишьа, атехнологиа уҳәа еилыскааит. Уи инаҷыданы, сыҧшәма аус зциуаз, ари аус аҿы аҧышәа змаз идырцәеи иҩызцәеи рҿы аимадара смырӡӡеит, аусеицура иацысҵеит. Уи, ҳәарада, ҧхьаҟатәи ҳусура аҿиара иацхрааит.
Зымҽхак ҭбаау ари анаплакы аҟны сара саӡәыкым, дарҕьажәҩаны дсывагылоуп схаҭыҧуаҩ, санхәыҧҳа Анжела Кәарҷиа-ҧҳа, сыҧҳа агәыбжьанытә Ланагьы атехнологиа аганахьала Урыстәыла лҵара хыркәшаны арахь усура даҳзааит.
Иахьа Аҟәатәи ауарашршырҭатә зауад аҟны 150-ҩык инарзынаҧшуа аколлектив зегьы ҭаацәакны, ҳәоуеиқәшәала аус еицаауеит», – дҳацәажәон Аҟәатәи ауарашршырҭатә зауад аиҳабы Амра Ануа-ҧҳа. Уи лажәақәа рыла, командакны, гәык-ҧсыкала, ҭакҧхықәрала аколлектив русеицура иалҵшәоуп ари анаплакы аҟны иҭрыжьуа аалыҵ ахаҭабзиара.
Ҳаиҿцәажәараан, иара убас иазгәалҭеит иреиҳау ацехқәа 7 шыҟоу, ацхыраагӡақәа – 8.
«Ирацәаҩуп ари анаплакы аҟны акыр шықәсқәа инеиҧынкыланы аус зуа, аҧышәа змоу, зус бзианы издыруа аспециалистцәа, атехнологцәа, аоператорцәа, аусуҩцәа.
Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьеи рветеранцәа маҷҩымкәан.
Иреиҳау ауарашршырҭатә цех аиҳабыс дыҟоуп атехнолог хада Адгәыр Ҵәыџьба. Аӡыхаақәа рҿы технолог хадас дыҟоуп Дмитри Адлеиба» – лҳәеит Амра Ануа-ҧҳа лнапаҵаҟа аус зуа аколлектив зегьы рус ишазҟазоу азгәаҭо.
Ҳаиҿцәажәараан уи инаҵшьны илҳәеит, араҟа аусура шымариам, ашьыжь асааҭ 8 рзы аусура ишалаго, аха ахыркәшара аамҭа шазыҧҵәам. Уи излаҳалҳәаз ала, атехника аныбжьысуа ҟалалоит, мамзаргьы афымцалашара анеиҧҟьо. Ажәакала, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны, русура анагӡара, ахыркәшара ианаамҭоу ианзалмыршахогьы ыҟоуп, усҟан аусуцәа зегьы хықәкы заҵәык ауп ирымоу – аус ахыркәшара… анагӡара…
Ҳаиҿцәажәараан Амра Ан уа-ҧҳа излаҳалҳәаз ала, лусура раҧхьатәи ашықәс азы, «Сухумский лимонад» ҳәа хьӡыс изырҭаз аӡыхаа аҭыжьра аларгалеит. Анаҩс, агаз змоу аӡыржәтәқәа: «Ауадҳара», «Азанҭа». Уи лцәажәараҿы иазгәалҭеит 2010 шықәсазы «Аҟәатәи ауараш» инаваргыланы ишҭрыжьыз, Ауарашршырҭатә зауад аиҳабыс иҟаз Омар Кәарҷиа иаҳаҭыр азы, иаб ихьӡ зыхьӡырҵаз ауараш «Иваныч».
Ауарашршырҭатә зауад есааира аҿыцрақәа аларгалоит, урҭ технологиала еиуеиҧшӡам, ирыҧсахуеит, русура амҽхак дырҭбаауеит. Уи аиҳабы излаҳаиҳәаз ала, иахьа аӡыхаақәа еиуеиҧшым 10-шәырхкык рыла иҭрыжьуеит, изҭоу аҧаҭлыкагьы еиҳа иҧшӡахеит, уаанӡатәи «линеика» ҳәа иҭрыжьуаз аасҭа. Амра Ануа-ҧҳа лцәажәараҿы иазгәалҭеит уаанӡа ауараши аӡыхаақәеи рыда акгьы шҭырмыжьуаз, шьҭа арыжәтә џьбарақәагьы рҭыжьра ишалагаз: «Сухумская водка», «Чача-Gold», «Чача-Silver», «Мандарина», «Афехо» уҳәа ауаажәлар ибзианы ирыдыркылахьеит.
Ауарашршырҭатә зауад аҟны иҭрыжьуа аалыҵ Аҧсны зегь аҟны ауаажәлар иаархәартә аҭагылазаашьа ыҟоуп, иара убас урҭ ӡырыргоит Аҧсны анҭыҵгьы. Хаҭала, експорт ҳасабла Урыстәылаҟа ирышьҭуеит. Имҳәакәан высшьа амам, хазы Аҧсны иаҭаауа асасцәа, шамахамзар, зегьы Аҟәатәи ауарашршырҭатә зауад ахь ишымҩахыҵуа, зыхьыӡ бзианы ираҳахьоу арыжәтәқәеи аӡыхаақәеи ргьама мбакәан ицом.
Сынтәа, аиубилеи аҳаҭыр азы, раҧхьаӡа акәны ари азауад аҟны иҿыцу, «1953» захьӡу ауараш ҭрыжьит. Уи 10-нызқь ҧаҭлыка ыҟоуп.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, А.Ан уа-ҧҳа иазгәалҭеит, ари ауарашгьы ауаажәлар ибзианы ишрыдыркыло ала агәыҕра шлымоу.
Инаҵшьны иҳәатәу акоуп, Аҟәатәи ауарашршырҭатә зауад анапхгара русура рхы-рыҧси мацара ишрызкым, урҭ ироуа ахашәала ала имчымхоу ауаа ирыцхраауеит, лассы-лассы имҩаҧыргоит агәыҳалалратә акциақәа.
Ажәакала, активла рхы рыладырхәуеит Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәеи аусмҩаҧгатәқәеи, рыцхыраара иахьаҳәогьы ирылшо ҟарҵоит.
Ҳәарада, алҵшәа бзиа еснагь иацуп аџьабаа, уи инаҷыдангьы ахарџь маҷымкәан. Аха Амра Ануа-ҧҳа напхгара зылҭо аколлективи лареи ҳәоуеиқәшәалатәи русеицура ахашәалахәы аанашьҭуеит, уи феидоуп анаплак аусзуҩцәа рзы мацара акәымкәан атәыла азгьы. Убри азоуп қәҿиаралатәи аусура аиҿкааразы аиубилеи аан Амра Ануа-ҧҳа аҳәынҭқарра аҟнытә изланаршьаз «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.
Ирзеиҕьаҳшьап нас, Амра Ан уа-ҧҳа напхгара зылҭо аколлектив еиҳау ақәҿиарақәа, аихьӡара дуқәа рнапы злаку имариам аус аҿы.
Алиса Гәажә-ҧҳа