30 шықәса раԥхьа

18 Цәыббра 2025 10:35
Цәыббрамза 11 рзы 30 шықәса ҵит иналукааша аҵарауаҩ-кавказдырҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥызацәа иреиуаз, аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Иури Воронов дҭадырхеижьҭеи.
Иахьа, Москва ақалақь аҿы Ареспублика Аԥсны Жәларбжьаратәи Акультура-усуратә Центр Афонд ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәаҵа (ВДНХ) адиректор хада Сергеи Шогурови аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, иара убас аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны асоциалтәи аспорттәи аобиектқәа дырҭааит, аргыларатәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа рцашьа гәеиҭеит.
Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы ацҳаражҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи ашәҟәыҩҩы Владимир Делбеи реиԥылара мҩаԥысит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me