Ааигәа, И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧган алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵоу, «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Руслан Хәанеи-иҧа Қапба 90 шықәса ихыҵреи уи аҵыхәтәантәи аамҭазы аус здиулоз, иҩыза гәакьа, ашәҟәыҩҩы Сергеи Кәыҵниа ирҿиареи иҧсҭазаареи ирызку ашәҟәы «Сергеи Кәыҵниа» аӡыргареи.