Ааигәа Аҧсны акультура Аминистрра аҧшьгарала 70-тәи ашықәсқәа рзы еиҿкааз абыргцәа ретнографиатә хор «Нарҭаа» ҩаҧхьа ахацыркра, ҿыц аиҭашьақәыргылара азгәаҭан. Уи анагӡара – «аетнографиатә хор» аиҿкаара, напхгара аҭара лнапы ианырҵеит Аҧсны жәлар рартист, аҭыҧҳацәа рансамбль «Гәында» асахьаркыратә напхгаҩы Роза Расим-иҧҳа Чамагәуа.
Аҧсни, Венесуелеи, Аахыҵ-Уаҧстәылеи, Мали, Камеруни, Камбоџьеи, Киргизиеи рҟнытә аррамаҵзуҩцәа раҧхьаӡа акәны иалахәуп «Арра-медицинатә естафета» аконкурс. Уи аатит Киров ихьӡ зху Арра-медицинатә академиа ашьаҭала Ленинградтәи аобласт Красное Село аҟны, – иаанацҳауеит Аҧсны атәылахьчара аминистрра асаит.

Аҟәа, август 14

18 Нанҳәа 2022 15:35
Абри аҽны Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟақәеи рнышәынҭрақәеи рҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. 30 шықәса уажәаҧхьа, 1992 шықәса август 14 аҽны Аҧсны иақәлеит Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа. Иара уби аҽны Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы В.Арӡынба ажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит еидгыланы аҕа иҿагыларц. Аибашьа цон 413 мшы.

Гәдоуҭа, август 15

18 Нанҳәа 2022 15:33
Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа аибашьра иалҵыз ашәақәа шьыжьнаҵы иалыҩуан. Аконфедерациа аштаб ахьыҟаз ашәҭқәа ргәыдкыланы ажәлар неиуан. Нанҳәамза 15, 1992 шықәсазы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра аҩбатәи амш азы акәын. Усҟан Ҧсоу аҳәаа 18-ҩык зхатәгәаҧхарала цхырара иаауаз Сулҭан Сосналиев дрыҧгыланы иааит. Уи амш аҭоурых аҿы арыцхә хадақәа ируакны иаанхоит. Аҧсны аҧсреи абзареи ианрыбжьагыла, бџьаршьҭыхла ахьчара анаҭахха иарҕьажәҩаны иааҳавагылеит зхатәгәаҧхарала аибашьра иааз жәҩахыр ҕәҕәала иааҳавагылаз…
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш иазкны ааҧхьара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп: Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа, акыр иаҳзаҧсоу хатәгәаҧхарала аибашьцәа, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш!

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me