Абарҭ амшқәа рзы 200-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи абжьаратә школқәа рырҵаҩцәеи рдиректорцәеи Пиатигорск ақалақь аҿы иҟоу адыррақәа Рцентр «Машук» аҿы аҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра. Адыррақәа Рцентр «Машук» аҵарадырра аусхк аҿы инагоу аекспертцәа еиднакылеит. Урҭ рметодикатә ԥышәа аҿар ирымардоит.

Аҭыхга ҟәыш аԥырҵоит

11 Жәабран 2025 09:39
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа амшынԥстәқәа рмиграциа аҭҵааразы аҭыхга ҟәыш аԥырҵоит, иаанацҳауеит Сириус афлагмантә канал. «Сириус. Аԥхынра» апрограмма иалаху астудент-амагистрант Ренат Ломиа инапхгарала Аҟәантәи 8-11 аклассқәа рҿы итәоу аҵаҩцәа аус адырулоит IP-акамера.

Аслан Оҭырба –115 ш

11 Жәабран 2025 07:30
Жәлар рыбзиабара иаԥсахаз Сынтәа 115 шықәса ҵуеит Аԥсны аҵеи иаша, апатриот ду Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Оҭырба диижьҭеи.Зегь реиҳа ҳажәлар аамҭа хьанҭа ианҭагылаз, милаҭҵас аԥсра, аӡра ахықә ианхықәгылаз Аслан Оҭырба дымшәа-дмырҳа рҿахәы иҳәон, рыгәҭыха игәҭыхан.
Аԥсуа ган Урыстәылатәи атәанчахәы ишакәым иахьазныҟәо азы ҳтәанчаҩцәа шьҭа Урыстәылаҟа имцалар, Урыстәылатәи абанкқәа рҟны ахсаалагақәа шьҭырымхлар, уаҟа атәанчахәы амрымхлар ада ԥсыхәа рмоуа иааҭагылт.
Зкалам ҵарыз ажурналист ҟаза Гьаргь Жанаа акымкәа-ҩбамкәа астатиақәа изыскхьеит. Уажәтәи салагарц сҭахуп абас:Аӡиас ихшәалаз ҭагалантәи абӷьыцеиԥш, ашықәсқәа нҭакәкәа ицоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me