Аҩбатәи атур ҟалоит

16 Жәабран 2025 10:30
Аԥсны Аҳәынҭқарра алхратә комиссиа Хада ажәлар ирыланаҳәеит заанаҵтәи алхрақәа рлҵшәақәа. Дмитри Маршьан иажәақәа рыла алхрақәа хыркәшахеит алхра, Азакәан инақәыршәаны. Ҩыџьа акондидатцәа Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи аҩбатәи атур ахь инеит. Бадра Гәынба - 46,38% Адгәыр Арӡынба - 36,92% Роберт Аршба: 7,54% Олег Барцыц - 4, 04% Адгәыр Хәырхәмал - 0,97% Заанаҵтәи алҵшәақәа рыла алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥгахоит март 1 азы. Актәи…

Алхрақәа хыркәшоуп

15 Жәабран 2025 19:51
Жәларбжьаратәи апресс-центр аусура иацҵо Аԥсны алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан 21 сааҭ рзы имҩаԥигаз апресс - конференциаҿы иазгәеиҭеит Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысыз.
Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы асааҭ 15 рзы ажурналистцәа ириҭаз адырраҭарақәа рыла, зыбжьы зҭихьо рхыҧхьаӡара наӡоит:

Алхрақәа - Ҭхьына

15 Жәабран 2025 11:40
Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан алхратә ҭыԥ № 6 алхратә ҭыԥ хада № 29 аҟны абжьыҭаразы асиа иануп 457-ҩык, уи ахыхь ааҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә згәабзиара уашәшәыроу, аҩны зыбжьы зҭиуа рхыҧхьаӡара 68-ҩык.

Абжьыҭара мҩаԥысуеит

15 Жәабран 2025 09:56
Иахьа, февраль 15 рзы имҩаԥысуеит Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы абжьыҭара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me