Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Аҟәатәи аҟәшеи, Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә бареи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа аныҳәатә парад иқәсит.
Иҭахаз ргәаладыршәарц имҩахыҵит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика анапхгара ахантәаҩы Константин Џьуссоев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи…
Иԥшӡаз, иуаҩыаамсҭашәаз, ганзегьрыла адырра ҵаулақәа змаз, аҵарауаҩ ду, аполитик нага, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Жәлар Раԥхьагыла Владислав Григори-иԥа Арӡынба илшарақәа рзы иахьагьы иахәҭоу ажәа ҳәам. Уимоу, аҳҭнықалақь Аҟәа игылам ибаҟа, уи хьаа дууп.
«Сыҷкәын дышҭахоз ала аԥхыӡ бааԥс идызбалеит, нан». Абас лажәа дналагеит зыҿцәажәара даара игәаӷьыуацәаз, зылаӷырӡ злакҭа ҭнаблаахьоу, аибашьраҿы зыҷкәын заҵәы дҭахаз Авҭандил Иура-иԥа Ҭодуа иан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иахьа ихы алаирхәит Аиааира амш иазкны Мықә ақыҭан имҩаԥысуаз аҽырыҩра.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me