Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Аслан Бжьаниа адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15 шықәса ахыҵра инамаданы.
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15 шықәса ахыҵра.
2008 шықәса август азы Урыстәыла, аԥсуа жәлар хақәиҭрала ргәаҳәара ҳасаб азуа, ООН Аԥҟаԥҵа арбарақәа, егьырҭ жәларбжьаратәи адокументқәа напхгагас иҟаҵауа, иазханаҵеит ареспублика аҳәынҭқарратә суверенитет.
Ииасыз 15 шықәса рыҩнуҵҟала Аԥсны акырӡа ақәҿиарақәа алнаршеит адемократиатә ҳәынҭқарреи зхала иҟоу амилаҭтә економикеи рыргылараҿы. Ҳара ҳтәылақәа ирыбжьоуп аидгылареи стратегиала аиҩызареи реизыҟазаашьақәа.
Ишьақәсырӷәӷәарц сҭахуп, Урыстәылатәи Афедерациа ҳаԥхьаҟагьы зегьрыла аешьаратә аԥсуа жәлар ишрыцхраауа атәылахьчареи ашәарҭадареи ралыршараҿы, адәныҟаполитикатә интересқәа рыхьчараҿы, иара убас хра злоу аекономикатә, асоциалтә уснагӡатәқәа рҭыԥ рықәҵараҿы.
Шәара, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, ақәҿиарақәа, шәыуаажәлар зегьы ракәзар – аҭынчра, аманшәалара, ашәҭыкакаҷра».
Ҳаҭырла, Владимир Путин