Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш – август 26 аҽны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан.
Уаҟа анышә иамадоу атәыла аҩбатәи Ахада игәалашәара ҳаҭыр ақәиҵарц.
Аҳәынҭқарра Ахада, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭдумеи рделегациақәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихьӡ наунагӡа иамадоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара, иаҳҩызоу Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәеи рҟны аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара.