Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ииуль 31 азы Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит афымца азҵаарақәа ирызкны, – иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵура.
Аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҭышәныртәалара, аарыхра знапы алаку аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра уҳәа азҵаарақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рзыҟаҵан афымцамч аԥхьаӡагақәа рықәыргылара, ашәахтәқәа рылхра азҵаарақәа.
Аилацәажәара иалахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, уи актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Гырџьынба.