Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Ҟарачы-Черқьестәыла Абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Абу-Иусуф Банов инапаҿы ииркит Аҧсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан илшамҭақәа рзы, Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы илагаламҭазы, активла имҩаҧигауа аусуразы Абу-Иусуф Банов 2022 шықәса маи 3 азы ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.
«Ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ианыуадаҩӡаз аамҭазы – Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анымҩаҧысуаз ҳҳәынҭқарра иашәҭаз ацхырааразы. Зегь рыла ҳажәлар шәрыдгылон. Убри ҳныруеит иахьауажәраанӡагьы. Шәылшамҭақәа ҳасаб рзуны, Аҧсны Ахада Аусҧҟа инапы аҵаиҩит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – «Ахьӡ-Аҧша» аорден шәанашьаразы. Исҭахуп еиҭах ҭабуп ҳәа шәасҳәарц Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәылеи рыжәларқәа риашьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы шәлагаламҭазы, агәра ганы сыҟоуп ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа шыҕәҕәахауа, ишҿиауа. Ишәыдысныҳәалоит аҳамҭа», – иҳәеит Бадра Гәынба. Абу-Иусуф Банов аҳәынҭқарра анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит иусура ахә ҳаракны иахьыршьаз азы.