Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсныпресс. Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит аҟны икьыҧхьуп 1990 инаркны 2022 шықәсазынӡа амҩа-транспорттә хҭысқәа ртәы зҳәо астатистика. 1992-1993 шықәсқәа ртәы зҳәо аинформациа ыҟаӡам, избанзар усҟан Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра мҩаҧысуан.
Аибашьраҟалаанӡатәи ашықәсқәа ҩба (1990-1991 шықәсқәа) рыҩнуҵҟала ашәҟәы иҭагалан амҩа-транспорттә хҭысқәа 884, иҭахеит 307-ҩык, еиуеиҧшым ахәрақәа роуит 904-ҩык.
Аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы (1994 инаркны 2022 шықәсазынӡа) хыҧхьаӡара рацәала амҩа-транспорттә хҭысқәа ҟалеит 2015 шықәсазы – 220. Иаҳа ауаа рацәаҩны иҭахеит 2016 шықәсазы – 80-ҩык. Еиуеиҧшым ахәрақәа роуит иаҳа ирацәаҩны 2019 ш. азы – 332.
2022 шықәсазтәи адырраҭарақәа рыла, Аҧсны ашәҟәы иҭаҩын амҩа-транспорттә хҭысқәа 214, иҭахеит 64-ҩык, еиуеиҧшым ахәрақәа роуит 296-ҩык. Иааидкыланы Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо ашәҟәы иҭагалоуп 70 430 автотранспорттә хархәагақәа.