Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны акультура аминистрра Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы аконкурс рыланаҳәеит зметраж кьаҿуи адокументтәи фильмқәа раҧҵаразы. Абри акәын изызкыз акультура аминистрраҿы имҩаҧгаз апресс-конференциа. Аминистр Даур Ақаҩба иеиҧш, уи иалахәын акиностудиа «Аҧсуафильм» аиҳабы Виачеслав Аблоҭиа, асценарист Ҭемыр Кәакәасқьыр, Аҧсны аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емзар Ашуа.
Аҧхьатәи аетап азы имҩаҧгахоит аконкурс иалахәхо рарзаҳалқәа рыдкылара, аҩынтәраан – инаргӡо аусумҭақәа ралҧшаара, ахынтәраан – аҩынтәраан иалҧшаахаз рыдкылара, аҧшьынтәраан акәзар, аиааира згаз ашьақәыргылара, ахәбатәи аан имҩаҧысуеит иалкаахаз афильм аҭыхра. Арзаҳалқәа рыдыркылоит февраль ҩеижәибыжьба рзынӡа, иалкаахо еилкаахоит маи жәаба рзы. Ихиоу афильм нагахароуп, егьдырбахоит сентиабр хәба рзы.
Зметраж кьаҿу афильмқәа рахьтә аҧхьатәи аҭыҧқәа ҩба аанызкыло равторцәа рыцҧхьаӡа хышә нызқь мааҭ агрантқәа роуеит. Адокументтә фильм аҧҵаразы иалкаахо асценариа автор ҧшьышә нызқь мааҭ агрант инаҭоит Аҧсны аинвалидцәа рфонд.
Аконкурс акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп: Даур Ақаҩба, Виачеслав Аблоҭиа, Ҭемыр Кәакәасқьыр, Дауҭ Логәуа, Емзар Ашуа, Занда Какалиа, Ибрагим Ҷкадуа, Ада Квираиа, Ирма Цәеиба.