Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны атәылахьчара Аминистрраҿы еихыршьалеит 2023 шықәса ианвар азы архәҭақәа разыҟаҵара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа, – иаанацҳауеит Аминистрра асаит.
Арбџьар Мчқәа рштаб хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко инапхгарала имҩаҧысуаз аусмҩаҧгатә рхы аладырхәт атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаа, атәылахьчаратә усҳәарҭа аусбарҭақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа реиҳабацәа, архәҭақәа ркомандирцәа, амедицинатә маҵзура анапхгаҩцәа, ақьалақьқәеи араионқәеи рырратә комиссарцәа.
Ажәахәқәа ҟарҵеит арратә комендант, аҧшыхәра аиҳабы, аҽазыҟаҵаратәи аморал-психологиатәи зыҟаҵара аусбарҭа аиҳабы, Аҧсны арратә комиссар.
Иара убас ирзыӡырҩын арратә, аҽеизгаратә зыҟаҵара аусмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы, иқәыргылоу ауснагӡатәқәа ралыршаразы архәҭақәа ркомандирцәа ражәахәқәа.
Аҧсны Арбџьар Мчқәа рштаб хада аиҳабы ҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаҧыргаз аусуразы. Уи азкын атәылахьчара арӷәӷәареи архәҭақәа разыҟаҵара аиӷьтәреи. Аихшьалақәа ҟаҵауа, уи иҟаз рыхшыҩ азишьҭит арратә, аморал-ԥсихологиатә зыҟаҵара аусмҩаҧгатәқәа хаҭабзиарала ишынагӡаз.