Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра амш азы Аԥсны Ахада дидикылеит.
«Шәиубилеи шәыдныҳәалауа агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Шәара абаҩхатәра злоу поетуп, шәҟәыҩҩуп. Еиҭажәгахьеит адунеи аҟны еицырдыруа арҿиамҭақәа. Шәџьабаа ахәшьара бзиа амоуп, Аԥсны еиԥш, Урыстәылангьы. Даҽа жәашықәсақәак шәҳацзароуп», - иҳәеит Аԥсны Ахада.
«Аслан Гьаргь-иԥа, иахьа сашәхьыдышәкылаз сара мацара сакәымкәа ҳарҿиаратә интеллигенциа, ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҟазара амаҵ азызуа зегьы ирыҵанакуеит. Ари ала иаҳшәырбоит ҳазҿу аганахьала зегьы шәзеиԥшны шәшыҟам. Сара сырҿиара акәзар, уи сара мацара исыбзоурам, уи рыбзоуроуп ҳара ҳазлааӡоу, ҳлитература ауасхыр азышьҭазҵаз, изырҿиаз ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа. Сара сазгәдууп сахьаԥсуоу, ажәытәӡатәи аҭоурых змоу ажәлар сахьырхылҵшьҭроу, аибашьра иаиааиз ажәлар сахьырԥоу», – иҳәеит М. Лашәриа ахәҭакахьала.
Аԥсны Ахадеи жәлар рпоети азааҭгылеит иара убас ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа.
Аҵыхәтәан Аԥсны Ахада аиубилиар агәалашәаратә ҳамҭа инапаҿы ииҭеит.