Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Гәдоуҭа Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб аусзуҩцәа Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри Аԥсны Ахада инапынҵала зыԥсҭазаара иалҵыз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭаацәа Лера Пежеваи Зельма Науржановаи рҭаацәарақәа ирҭааит, иаанацҳауеит «Аԥсадгьыл-Информ».
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Пежеваи Науржановаи рҭаацәарақәа ирырҭеит адашшылара шәҟәқәа, анышәынҭрақәа ирыгу-ирыбзоу аҟаҵаразы аԥаратә малқәа, – лҳәеит Лиалиа Чамагәуа.
Леон иорден занашьоу Ҟабарда- Балкариантәи хатәгәаԥхарала аибашьҩы Заур Пежев иан Лера Пежева лыԥсҭазаара далҵит иҳаҩсыз ашықәс декабр азы. 2023 шықәса ианвар азы лыԥсҭазаара далҵит Зельма Науржанова – Аԥсны аибашьра аан раԥхьа иҭахаз, Леон иорден занашьоу Ибрагим Науржанов иан.
Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри иара убас иаҭааит аибашьраан иҭахаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа Руслан Желитежеви Гена Карданови рҭаацәарақәа. Урҭ дрыцын Ҟабарда-Балкартәи Ареспубликаҿы Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз Реидгыла ахантәаҩы Сергеи Иахагоев. Иара убас урҭ аҭааит Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов инышәынҭра.