Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵарҭатә зал хадаҿы Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа афонд иаҭан Александр Чачба иҭыхымҭақәа. Асахьаҭыхҩы иусумҭа Иарку акционертә еилазаара «Аквафон-GSM» иаанахәеит 2022 шықәсазы аукцион аҟны.
Шәыга хәшала инагӡоу аҭыхымҭаҿы даарԥшуп аԥҳәызба. Ари арҿиамҭа ианаԥҵаз аамҭа ашьақәыргыларазы аҟазараҭҵааҩцәа ргәы иҭоуп аҭҵаарақәа жәпакы рымҩаԥгара.
«Ҳгалереиа ҳамҭас иаиуит асахьаҭыхҩы ирҿиара аԥхьатәи аамҭақәа ирыҵаркуа аҭыхымҭақәа руак. Уи ҳколлекциа арбеиоит», – иазгәеиҭеит агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
Аилахәыра «Аквафон-GSM» ахаҭарнак Ҭемыр Гәыргәлиа иациҵеит: «Абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ҳтәыла культурала арбеиара иацхраауеит. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит абри ахҭыс иадҳәалоу зегьы».
Уаанӡа агалереиа иарҭахьан асахьаҭыхҩы егьырҭ иусумҭақәа ҩба: «1914 шықәсазы иаԥиҵаз «Ишәҭыкакаҷуа акациа», Фирдоуси иҩымҭала аспектакль «Шахнаме» (1909 ш.) адекорациақәа рескизқәа. Асахьақәа рыҩбагь аахәан Санкт-Петербург коллекционерк иҟны.
XX ашәышықәса алагамҭазы Александр Чачба-Шервашиӡе Петербургтәи аимператортә театрқәа еицырдыруа рсценографцәа дыруаӡәкын. Аус рыциуан А.Бенуа, А.Головин, В.Серов, Н.Рерих, реиԥш иҟаз иналукааша аурыс сахьаҭыхҩцәа.аҳәаанырцәтәи аҟазацәа П.Пикассо, А.Дерен.
Асахьаҭыхҩы иусумҭақәа ҵәахуп Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиеи, Санкт-Петербург Атеатртә библиотекеи, Москва Бахрушин ихьӡ зху Атеатртә музеии, ахатәы коллекциақәеи рҟны.