Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ииубилеи идиныҳәалеит. Атәыла Ахада Аиҳабыра рхантәаҩы изеиӷьишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа.
Ахада Иусԥҟала, Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи арҿиареи рҿы илагаламҭа ду азы, активла имҩаԥиго ауаажәларра-политикатә усуразы Алеқсандр Анқәаб ианеишьеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара.
Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имшира идиныҳәалеит. Ахәҭакахьала, уаҟа иазгәаҭоуп: «Шәара шәџьатә, шәуаажәларратә усураҿы иахьабалак шәҽазышәшәон ҳҳәынҭқарра арҿиара. Иаанышәкыло аҭыԥ дуқәа зегьы рҿы шәара иаашәырԥшуан анапхгаҩыҵәҟьа ихымҩаԥгашьақәа».
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имшира идиныҳәалеит. Ахәҭакахьала, уаҟа иарбоуп: «Иазгәасҭарц сҭахын, аиҩызареи аидгылареи рышьаҭала Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы хаҭалатәи шәлагаламҭа акырӡа шаҵанакуа. Агәра ганы сыҟоуп, ахәаахәҭра-економикатә, аинвестициатә усеицура ҳаԥхьаҟагьы арҵаулара, аԥеиԥш змоу апроектқәа рынагӡара Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ишрықәшәауа». Мишустин Анқәаб изеиӷьишьеит агәабзиара, анасыԥ, аҭакԥхықәра зцу иусураҿы ақәҿиарақәа.
Абарҭ амшқәа рзы Аԥыза-министр иахь адныҳәаларақәа рацәаны иҟарҵеит. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы: Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы, аинрал-маиор Андреи Кудимов, Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Заур Гәаџьаа уҳәа егьырҭгьы.