Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа идикылеит акционертә еилазаара «Газпром промгаз». Аҳәынҭқарра Ахада идырбеит Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада апроект.
Апроект аус аднаулеит газла аиқәыршәара асхема хада аус адуларазы Аԥсны аекономика Аминистрреи «Газпром промгази» рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны акционертә еилазаара «Газпром промгаз». Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аусурақәа зегьы рымҩаԥгара аҿҳәара иартәон шықәсык. Еиқәыршаҳаҭын, анапы аҵаҩын асхема хада апроект иазыԥхьагәанаҭауа аетапқәа зегьы рынагӡара аҿҳәарақәа шьақәзыргыло амҩатә хсаала.
Газла аиқәыршәара асхема хада ус адулара иазку аусмҩаԥгатәқәа ԥарала еиқәдыршәоит 2020-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аинвестициатә программа инақәыршәаны. Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара ҿҳәарас иамоуп ҳазну ашықәс.
«Аусура ду мҩаԥгоуп. Ҳара ақәҵара адкыларазы, аринахысгьы ашьаҿақәа реихгаразы аамҭа ҳҭахуп», – иҳәеит Ахада Аслан Бжьаниа.