Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

2022 шықәсазтәи аихшьалақәа рыҟаҵара иазкын декабр 9 азы Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәара. Уи иалахәын ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа. Аилацәажәараҿы ишьҭырхит аенергетика, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡара, Аԥсны араионқәа злоугәаԥхаша аинвестициақәа рыҩаӡара азҵаарақәа. Иара убас ирылацәажәеит асоциалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭанхамҩатәи аарыхра амҽхакқәа хра злоу рызҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада анапхгараҭара аҭыԥантәи аусӡбарҭақәа рнапхгаҩцәа иргәалаиршәеит дара рнапы иану араионқәа рҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра шрыду, аҭыԥанқәа рҟны ируа-ирҳәо азы инҭкааны аинформациа амазаара акырӡа шаҵанакуа. Аслан Бжьаниа рнапы ианиҵеит кварталцыԥхьаӡа русура атәы зҳәо инеиҵыху аинформациа аагара.
Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа иреиҳәеит Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицура инақәыршәаны акфалификациа ашьҭыхра акурсқәа рхысра шалшо атәы.
Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа.