Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны абыргцәа Рхеилак адгылоит Ахада Аслан Бжьаниа дызну амҩа. Ноиабр 3 азы имҩаҧысыз аҳәынҭқарра Ахадеи абыргцәа Рхеилаки реиҧылараҿы ирылацәажәеит ауаажәларраҿы аҵакы змоу азҵаарақәа.
Аҧсны Ахада исаит излаанацҳауа ала, аҧсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ҧҟьақәа раҧыхра, амҩаҿы аныҟәара аҧҟарақәа реилагаразы ахьырхәра аусмҩаҧгатәқәа рырџьбарара, зқьышықәсала аҭоурых змоу аҵасқәеи ақьабзқәеи рыла еиҵагыло абиҧара ҿа рааӡара акырӡа шаҵанакуа уҳәа азҵаарақәа ирызкны ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Абыргқәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа иара убас аҳәынҭқарра Ахада азҵаара ииҭеит. Уи зызкыз ахада иалхрақәа раан лассы-лассы ажәлар рҿаҧхьа имҩаҧигауа аусура аганахьала иалхыҩцәа рҿаҧхьа аҳасабрба ҟасҵоит ҳәа ииҳәаз ажәақәа ракәын.
Аҧсны Ахада аҭак ҟаиҵеит иаарласӡаны аҳәынҭқарра ауааҧсыра рҿаҧхьа аҳасабрба шыҟаиҵо ала.