Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Сентиабр 12 азы Очамчыра ақалақь аҟны гәырҕьарала иаартын ахәыҷбаҳча "Аӡыхь", – иаанацҳауеит Аҧсныпресс.
Уи аартра иалахәын Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Очамчыра араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа.
Ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" ргылан Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара иазку аинвестициатә программа амалқәа рыла. Ахәыҷбаҳча аргылара нап аркын 2017 шықәса ииуль азы, ихыркәшахар акәын 2019 шықәса ҭагалан, аха ари ахыбра иамаз агха-ҧхақәа ирыхҟьаны ахархәарахь ирыҭамызт. Ҳазну аамҭазы аргылаҩцәеи араион ахадареи рҽазышәарақәа рыла аусурақәа зегь хыркәшан, ахархәарахь ирыҭан. Очамчыратәи ахәыҷқәа абаҳча аартра акыраамҭа иазыҧшын, ари агәырҕьара зҵаз ахҭыс азгәарҭеит ашәақәа, акәашарақәа рыла.