Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ГАИ аиҳабы Баҭал Агрба. Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аиҧылараҿы ирылацәажәеит амҩақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа, ашәарҭадара аусмҩаҧгатәқәа уҳәа апрофилактикатә, атехникатә зҵаарақәа.
Агрба Аҧыза-министр иахь инеигеит амҩаҿы шәарҭара ацымкәа аныҟәара иамадоу аусқәа рҭагылазаашьа иазку адырраҭарақәа.
2022 шықәса 8 мзы рыҩнуҵҟала аҳәынҭқарраҿы ашәҟәы иҭагалан амҩа-транспорттә хҭысқәа 132, иҭахеит 38-ҩык, убарҭ рахьтә 18-ҩык – 18 инаркны 40 шықәса ирҭагылаз ракәын. 182-ҩык ахәрақәа роуит. 2021 шықәсазы абри аамҭа иаҿырҧшны Аҧсны амҩа-транспорттә хҭысқәа 113 ирыхҟьаны иҭахеит 23-ҩык. Ахҭысқәа рхыҧхьаӡара рацәоуп Гагра араиони Ҧсоуи Аҟәеи ирыбжьгоу амҩадуи рҟны.
Ҳазну ашықәс 8 мзы рыҩнуҵҟала иаарҧшын амҩаҿы аныҟәара аҧҟарақәа реилагара 57 203, убарҭ рахьтә 14 824 аилагарақәа аарҧшын фотосахьала арбарала. Аилагарақәа рхыҧхьаӡара рацәоуп Аҟәеи Гагреи. Илҩааз ахараҧсақәа идыртәеит 46 миллиони 144 нызқь мааҭ. 1 162-ҩык атранспорттә хархәага аныҟәцара азин рымхуп. Иааидкыланы аҳәынҭқарраҿы ашәҟәы иҭагалоуп 69 нызқьи 224 автотранспорт.
Хазы иахәаҧшын Ҧсоуи Аҟәеи ирыбжьгоу амҩаду аҟны амашәырқәа рыстатистика. "2022 шықәса 8 мзы рыҩнуҵҟала амҩаду аҟны ашәҟәы иҭагалан амашәырқәа 884, ҽынла – 42, уахынла – 46. 2021 шықәсазы амҩаду аҟны ахҭысқәа рхыҧхьаӡара 117 рҟынӡа инаӡеит, 2020 шықәсазы акәзар – 102", – иҳәеит Агрба.
Аҧыза-министр, Баҭал Агрба инапы ианиҵеит амҩақәа рҟны апрофилактикатә усура атемпқәа леимырҟәларц, аҟаҵарбақәа еиҕьитәларц.