Уаҟа ирылацәажәеит аҳәынҭқарраҿы акриминогентә ҭагылазаашьа азҵаарақәа, ацәгьоурақәа ирҿагыланы ақәҧараҿы еишьашәалоу аусбарҭақәа ирыдыркылауа аусмҩаҧгатәқәа.
Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи иаҭыҧуаҩ Ҭемыр Ахьиба.