Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа агуманитартә еидара наргеит Урыстәыла арегион ҿыцқәа рахь.
50 тонна ацитрус шәырқәеи аӡыржәтәи рыла ишьақәгылоу аидара еиқәыршәан Аԥсны Ахада инапынҵала. Уахь инагоу ашәырқәеи аӡи рызшахоит Донецктәии Лугансктәии Жәлартә Республикақәеи, Херсонтәи Запорожиатәи атәылаҿацәқәеи руаажәлар.
Аидара ахьтә 10 тоннак нагоуп аинтернационалтә бригада «Пятнашка» аштаб ашҟа.
Агуманитартә еидара Урыстәыла арегион ҿыцқәа рахь анагара напхгара азиуеит, арҭ арегионқәа рҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа. Уи ахаҭарнак ҷыда иаҳасабала инапынҵақәа рынагӡараҟны ари аусмҩаԥгатә иазкны раԥхьатәи ныҟәароуп. Убри аҟнытә уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп арҭ асубиектқәа рхадацәеи иареи реиԥыларақәа, Аԥсни дареи анаҩстәи русеицура азҵаарақәа рымҩақәҵаразы.
Агуманитартә еидара аиҿкаара рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа. Аԥхьаҟагьы ирыцҵахоит ас еиԥш иҟоу агәыҳалалратә усмҩаԥгатәқәа.